Аҩадатәи Ешыра автомашьына амҩа иахҟьаны ажра иҭаҳан, амца акит

© Sputnik МЧС АбхазииАҩадатәи Ешыра амҩатә машәыр
Аҩадатәи Ешыра амҩатә машәыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩадатәи Ешыра ақыҭа иахьаҵанакуа амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА ахь адырра ҟалеит асааҭ 15:23 рзы аԥшьаша, жьҭаара 24 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҩадатәи Ешыра иахьаҵанакуа атрасса хадаҟны автомашьына амҩа иахҟьаны ажра иҭаҳан, амца акит.

© Foto / МЧС АбхазииАҩадатәи Ешыра амҩатә машәыр
Аҩадатәи Ешыра автомашьына амҩа иахҟьаны ажра иҭаҳан, амца акит - Sputnik Аҧсны
Аҩадатәи Ешыра амҩатә машәыр

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа излеиҳәо ала, амҩатә машәыр аҟны хҩык ааха роуит, урҭ ацхыраара ласы амашьынала иргеит.

© Sputnik МЧС АбхазииАҩадатәи Ешыра амҩатә машәыр
Аҩадатәи Ешыра автомашьына амҩа иахҟьаны ажра иҭаҳан, амца акит - Sputnik Аҧсны
Аҩадатәи Ешыра амҩатә машәыр
"Амҩатә машәыр ҟалеит Аҩадатәи Ешыра иҟоу Аҳәынҭавтоинспекциа апост аҟынӡа унаӡаанӡа. Аҭыԥ ахь инеит АҶА иаҵанакуа х-машьынак: абылраҽацәыхьчаратә машьына, ҳмедицинатә усбарҭа ацхыраара ласы амашьына, аиқәырхаратә машьына", - иҳәеит Гындиа.

Ааха зауз ахәышәтәырҭа иҭарҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0