АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Амҩаду А-147 Џьубга-Шәача-Аԥсны аҳәаа ахәҭак аусура аамҭакала иаанкылоуп аремонттә усурақәа ирыхҟьаны.
Абри атәы аанацҳауеит ФКУ Амҩақәа рнапхгара "Черноморье".
"Аремонттә усурақәа рымҩаԥгара инадҳәаланы аԥкрақәа алагалахоит Агура аӡиас иху ацҳа 188+928 армарахьтәи ахәҭаҿи автомашьынатә мҩа А-147 Џьубга - Шәача - Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаа арӷьарахьтәи ахәҭаҿи. Атранспорт аныҟәара егьи аган ахь ииагахоит", ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Убри аан Шәачеи Адлери рахь уназго ахырхарҭақәа рахь ҩ-ганктәи амҩа ганкымацарала аус аулоит.
Аремонт рзухоит ацҳа ашьаҟақәа. Иара убасгьы акаҭран рыԥсахуеит, ирыԥсахуеит ацҳа амаакырақәа, амҩеихҵәарҭақәа. Иаларгалоит асеисмоҽацәыхьчаратә шьақәгылақәа.
Шьаҭанкыла аремонт хыркәшахоит 2020 шықәса аԥшьбатәи аԥшьбарак азы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Џьубгеи Шәачеи еимаздо амҩа ҿыц алгара азгәаҭоуп