Урыстәылатәи аруаа Аԥсны "атеррористцәа" ҭадырхеит БТР рыла

© Foto / Пресс-служба ЮВОУрыстәылатәи аруаа Аԥсны "атеррористцәа" ҭадырхеит БТР рыла
Урыстәылатәи аруаа Аԥсны атеррористцәа ҭадырхеит БТР рыла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәылара ашьҭахь "атеррористцәа" иаанрыжьыр зылшоз арԥжәагақәа рыԥшаара иаҿын аҟәша ҷыдақәа.

АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база аруаа алегенда инақәыршәаны Аԥсны иҟаз "атеррористцәа" ҭадырхеит. Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Ауснагӡатә мҩаԥысуан аҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны.

"Аҽазыҟаҵарақәа раан иаалырҟьаны идыргылаз аррамаҵзурауаа ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеиит, "атеррористцәагьы" рхьаҵра амҩақәа ркит. Абри ашьҭахь амца рыжәҵан БТР-82АМ рыла", - анацҳауеит апресс-маҵзура.

Аруаа разыҟаҵаразы ахархәара рыҭан арԥжәагақәеи еиуеиԥшым абџьари. "Атеррористцәа" роль нарыгӡон абаза аррамаҵзурауаа рыҟәшақәа руак.

Иааидкыланы ауснагӡатә иалахәын 100-ҩык аруааи 10 рҟынӡа арратә техникеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0