Урыстәылатәи аруаа "аӷа" иеимадара ҭархәыҽит

© Foto / Пресс-служба ЮВОУрыстәылатәи аруаа "аӷа" иеимадара ҭархәыҽит
Урыстәылатәи аруаа аӷа иеимадара ҭархәыҽит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполигон ҷыдаҿ аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 100-ҩык аррамаҵзурауааи 15 ак арратә техника ҷыдеи.

АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ абаза арадиоелектронтә ҿагылара аҟәша аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны аррамаҵзурауаа арадиоелектронтә ҿагылара станциа аусура еиҵырхит, аинформациа еизганы анализ арҭеит, аҟазааратә ҭыԥ аилкаараз асистема иаԥнаҵо анавигациатә дәы еиҭаркит.

Аррамаҵзурауаа иара убасгьы арадиоҳақәеи анавигациеи рхархәарала "аӷа" иеимадаратә система ҭархәаҽит 200 км. рҟынӡа ахьаҵанакуазынтә. Уи аан ахархәара рыҭан УАЗ "Патриот" иақәгылаз асистемақәа "Лава".

"Иаԥҵаз арадиоԥкырақәа шьақәырӷәӷәан "аӷа" иимитациа ҟазҵоз арратә база аимадаратә ҟәшақәа ражәақәа рыла" ҳәа азгәаҭоуп апресс-маҵзураҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0