Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа

© Фото : rawpixelархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиҳабырабжьаратә комиссиа ахәаԥшраны иҟоуп 2020-2022 шықәса рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә цхырааразы Аинвистициатә программа аиҿкаара азҵыырақәа.

АҞӘА, абҵара 5– Sputnik, Бадри Есиава. Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа 2019 шықәса нҵәаанӡа ҳәа абрифинг аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба.

"Арҭ амшқәа рзы иаараны иҟоуп акомиссиа ахаҭарнакцәа апрограмма аганқәа рганахь ала аилацәажәаразы. Дара ара хымш иҟазаауеит. Иааидкыланы 2020-2022 шықәсқәа рызтәи апрограмма еиқәҳаршәахьеит", - иҳәеит иара.

Аԥыза-министр агәыӷра ааирԥшит 2020-2022 шықәса рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә цхырааразы Аинвистициатә программа 2019 шықәса нҵәаанӡа ирыдыркылап ҳәа. Апрограмма ахәԥса бжьаратәла ԥшь-миллиардки бжаки инаӡоит.

Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәарақәа мҩаԥысуеит инеиҭак ааиҭакны Аԥсныи Урыстәылеи.

Актәи аилатәара мҩаԥган 2010 шықәса хәажәкырамзазы, Москва.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0