00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсныи Урыстәылеи акультура аусхк аҟны русеицура апрограмма шьақәдырӷәӷәеит

© Foto / Министерство культуры РААԥсныи Урыстәылеи акультура аусхк аҟны русеицура апрограмма шьақәдырӷәӷәеит
Аԥсныи Урыстәылеи акультура аусхк аҟны русеицура апрограмма шьақәдырӷәӷәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла акультура аминистр Владимир Мединскии Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳаи 2020 шықәсанӡатәи аусеицуратә программа рнапы аҵарҩит Санкт-Петербурге, абҵара 14 рзы.

АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи аделегациа VIII Санкт-Петербургтәи афорум иалахәын. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныи Урыстәылеи акультура аминистррақәа рнапы аҵарҩит 2020 шықәсазтәи аусеицуратә план ҳәа еиҭалҳәеит Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа апресс-конференциаҿ.

"Аԥсны фынтәуп Санкт-Петербург имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи акультуратә форум ахы аланархәуеижьҭеи. Афорум аҵак ду амоуп, аусутә программа иалоуп апленартә еилатәарақәа, астол гьыжьқәа, адунеитә культура актуалтә хырхарҭақәа рганахьала амастер-классқәа. Ҽааназы иазыԥхьагәаҭоуп аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхара атемала жәларбжьаратәи аконференциа амҩаԥгара", - лҳәеит лара.

Сынтәазгьы акультура аминистрра акультура аусхк аҟны арккаратә хырхарҭа адгалара ҟанаҵеит.

"Абри ахырхарҭала Аԥсны имҩаԥгахоит амастер-классқәа, амузыкатәи асахьаҭыхратәи ҵараиурҭақәа рҿы асеминарқәа. Акультуратә сезонқәа ирылахәхоит ареспублика абиблиотекақәа. Дара рзы ихазу аиԥыларақәеи асеминарқәеи мҩаԥгахоит", - лҳәоит аминистр.

Апрограмма инақәыршәаны иазыԥхьагәаҭоуп аԥснытәи атеатрқәа ргострольтә турқәа Урыстәыла ақалақьқәа рахь, иара убасгьы урыстәылатәи арҿиаратә коллективқәа Аԥсныҟа раара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0