Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Сабина Ԥачлиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара хацнаркит.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik
Сабинеи ҳареи ҳаиқәшәеит апарк аҿы. Сабина лыкьанџьақәа лгәыдкыла дахьгылаз ажурналистцәа рааигәара ааира дацәыԥхашьон, аха минуҭқәак рышьҭахь дҳашьцылеит.
"Ԥақәашьтәи ашкол аҿы аҩбатәи акласс ахь сныҟәоит. Ашкол бзиа избоит", - лҳәеит лара ҳаицәажәараан, лхы ҳардыруа.
Ашкол аҿы зегь раасҭа Сабина бзиа илбо аԥсуа бызшәеи алитературеи рурокқәа роуп. Илҭахуп лаԥхьаҟа лхатәы бызшәа арҵаҩыс дҟалар, аха уи азы ҳара ҳацхыраара лҭахуп.
Сабина дхәыҷаахыс асколиоз лымоуп. Деизҳацыԥхьаӡа лчымазара еиҳа-еиҳа аҽаруадаҩуеит.
Сабина ашкол ахь дныҟәоит, аха аурокқәа рҿы акраамҭа атәара лцәыуадаҩуп ҳәа ҳаиҳәеит лаб Сурам Ԥачлиа.
"Акраамҭа атәара лылшаӡом. Сабина лхы дшахымышшаауагьы, ахьаа шлымоу ҩашьом", - иҳәоит Сурам Ԥачлиа.
Сабина лҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы аоперациа лзутәуп, аха аҭаацәара уи ахәшәара изаҵагылом.
"Ԥшьҩык ахәыҷқәа ҳамоуп. Ҳхала аоперациа ахә ашәара ҳалшаӡом. Убри азоуп афонд "Ашана" ахь аҳәара зыҟаҳҵаз", - иҳәоит Сурам Ԥачлиа.
Сабина илзыԥшуп Новосибирск, аортопедиеи анеирохирургиеи рыклиникаҿы. Лыхәышәтәразы иаҭахуп 792 000 мааҭ.
Ансамбль "Ерцахә" имҩаԥнагаз агәыҳалалратә концерт абзоурала еизгоуп 138 650 мааҭ. Иаанханы иҟоуп 653 350 мааҭ.
Ацхыраара аҟаҵаразы аинформациа шәоур шәылшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Агәыҳалалра аҽарҭбаауеит: акциа "Агәыразра амш" алҵшәақәа еилкаахеит
-
Елина Каленџьиан лзы аԥареидкылара хацыркуп