Ақәа амыхәеит: Аԥсны ашьхарахь амцарцәара иацырҵоит

© Foto / МЧС РААвертолиот Ми-8 Аԥсныҟа иааит
Авертолиот Ми-8 Аԥсныҟа иааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА иҟарҵаз адыррала, аԥшьаша ауха Аԥсны ақәа шаузгьы, ашьхараҿ амца мыцәеит, избанзар урҭ аҭыԥқәа рҟны ақәа млеиӡеит.

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсни Урыстәылеи рымцарцәаҩцәа реицхыраарала Аԥсны ашьхарақәа рҟны амца арцәара иаҿуп ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

"Ҳара иҳамоу аинформациала, ашьхарахь ақәа млеиӡеит. АҶА аминистр уажәы уахь дԥырны дцеит, аҭагылазаашьа аилкааразы. Еиҳа ииашоу адыррақәа аамҭақәак рышьҭахь иҟалоит", - иҳәеит Гындиа.

Иара иажәақәа рыла, абҵара 20 рзы авертолиот Ми-8 58-нтә Гагра араион аҿы ишәарҭаз аҭыԥқәа аӡы рықәнаҭәеит. Аҳаирплан Бе-200 аус ауан Аҟәа араиони Ҵабал ақыҭа иахьаҵанакуази. Иааидкыланы уи 25-нтә ихалеит аӡықәҭәаразы. Иааидкыланы 60-70 % амца дырцәахьеит.

амца аанкылоуп - Sputnik Аҧсны
Амца зку аҭыԥқәа реиҳарак шьҭа ишәарҭам

Раԥхьаӡа акәны Аҟәатәи ахыҵырҭаҟны амцакра шыҟалаз АҶА аусзуҩцәа ирбеит абҵара 10 рзы. Ԥсҳәы абылреиқәырхаратә гәыԥ ахатәы мчқәа рыла идырцәарц иаҿын, аха ирылымшеит. Иара убас абнақәа былуан Тҟәарчал, Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа иахьрыҵанакуа ашьхарақәа. Урҭ рхышәа-ҵышәа 11 нызқь гектар рҟынӡа инаӡоит. Абылрақәа ахьыҟалаз еиҳа анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҟноуп, амца арцәара алшоит иҷыдоу авиациа ахархәара заҵәык ала ҳәа алкаа ҟаҵан. Аԥсны АҶА Урыстәыла АҶА ахь адырра ҟарҵеит ацхыраара шырҭаху азы. Абҵара 15 рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҶА авертолиот Ми-8, аԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит абҵара 16 ашьыжь. Амҽыша амцарцәаратә усқәа аҽрыднакылеит Урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200.

Гагратәи ахырхарҭаҿы амца арцәон авертолиот Ми-8, иара шьҭыԥрааит 45-нтә. Кәыдрытәи ахырхарҭаҿы амцарцәара мҩаԥнагон аҳаирплан Бе-200. Урыстәылаа ирыцхраауеит аҭыԥантәи амцарцәаҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0