Амца зкыз аҭыԥқәа 700 тонна рҟынӡа аӡы рықәҭәан

© Foto / МЧС РоссииАмца зкыз аҭыԥқәа 700 тонна рҟынӡа аӡы рықәҭәан
Амца зкыз аҭыԥқәа 700 тонна рҟынӡа аӡы рықәҭәан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-конференциа мҩаԥнагеит Аԥсны иҟаз амцакра арцәара алҵшәақәа ирызкны.

АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны амца дырцәонаҵы аверталиоти аҳаирплани 266-нтә ишьҭыԥрааит, амца зкыз аҭыԥқәа 1736 тонна аӡы рықәырҭәеит иҳәеит апресс-конференциаҟны Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.

Амца зку аԥснытәи абнақәа 350 тонна рҟынӡа аӡы рықәҭәоуп - Sputnik Аҧсны
Амца зку аԥснытәи абнақәа 350 тонна рҟынӡа аӡы рықәҭәоуп

"Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ахадара ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп иҳарҭаз ацхырааразы. Аҭагылазаашьа акыр иуадаҩын. Ари аҩыза абылра ҳақәымшәацызт. Ус шакәызгьы зегьы ирласны еиҿкаан", - иҳәоит аминистр.

Абҵара 10 рзы игәаҭан амца раԥхьатәи ахыҵхырҭақәа. Ахатәы мчқәа разымхаразы Урыстәыла АҶА ахь аҳәара ҟаҵан ацхырааразы.

Иаашьҭын авертолиот Ми-8, аҳаирплан-амфибиа Бе-200.

Урыстәылеи Аԥсни рымцарцәаҩцәа реицхыраарала абҵара 21 рзы амца иахьабалак ирцәан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0