Аԥырҩцәа алацәажәеит амцарцәара иацыз ауадаҩрақәа

© МЧС АбхазииСамолет Бе-200 прибыл в Абхазию
Самолет Бе-200 прибыл в Абхазию  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрраҿ имҩаԥысит абҵара 22 рзы апресс-конференциа. Аусбарҭа аусзуҩцәа еиҭарҳәеит Аԥсны аҭыԥ змаз амцакра арцәара амҩаԥысшьа.

Раԥхьаӡа акәны Аҟәатәи ахыҵырҭаҟны амцакра шыҟалаз АҶА аусзуҩцәа ирбеит абҵара 10 рзы. Ԥсҳәы абылреиқәырхаратә гәыԥ ахатәы мчқәа рыла идырцәарц иаҿын, аха ирылымшеит. Аԥсны АҶА Урыстәыла АҶА ахь адырра ҟарҵеит ацхыраара шырҭаху азы. Абҵара 15 рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҶА авертолиот Ми-8, аԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит абҵара 16 ашьыжь. Амҽыша амцарцәаратә усқәа аҽрыднакылеит Урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200. Иара убас абнақәа былуан Тҟәарчал, Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа иахьрыҵанакуа ашьхарақәа.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Апресс-конференциа аартуа Аԥсны АҶА аминистр ҭабуп ҳәа реиҳәеит урыстәылатәи амцарцәаҩцәа, иазгәеиҭеит асеиԥш мҽхакыҭбаалатәи амцакра ареспубликаҿы ишыҟамлацыз. Иара иажәақәа рыла амца ианаамҭаз идмырцәар Риҵатәи аҳәырԥсарреи ауаа реиланхарҭақәеи ааха ӷәӷәа рнаҭар алшон.

Урыстәыла АҶА авертолиот - Sputnik Аҧсны
АҶА: Аԥснытәи ашьхақәа рҿы амца ырцәоуп

"Аҭагылазаашьа даара иуадаҩын. Амца арцәара знапы ианыз зегьы рымч еиуршәаны аус еицыруит", - иҳәеит иара.

Аминистр иҳәеит амца арцәаразы авиациа 266-нтә ишышьҭыԥрааз, амцакра ҭыԥқәа 1736 тонна аӡы шрықәҭәаз. Урыстәылатәи аган ацхыраара хәыда-ԥсадан.

Аҳаирплан Бе-200 акомандир Александр Маркохаи иажәақәа рыла ашьхақәеи аиҩхаақәеи ррельефи алҩақәчреи ирхырҟьаны ауадаҩрақәа рацәан ҳәа азгәеиҭеит.

"Амцакра ҭыԥқәа 500 - 1000 метра рҟынӡа иҳаракын. Уахь анеира уадаҩуп. Иҟан аҿҟьарақәа рҟынгьы амцакрақәа. Усеиԥш иахьыҟаз аӡы анақәуҭәалак иқәҵәраа ицон, амца арцәара иахьӡомызт. Убри азы изныкымкәа ҭыԥк аӡы анақәҭәатәыз ҟалон", - иҳәеит иара.

Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аилак ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа иҳәеит иҟалаз катастрофоуп ҳәа аҳәара шиашам.

"Аҭагылазаашьа цәгьан. Аҳауатә ҭагылазаашьақәагьы амцарцәара иацхраауамызт", - иҳәеит иара.

Амца зкыз аҭыԥқәа 700 тонна рҟынӡа аӡы рықәҭәан - Sputnik Аҧсны
Амца зкыз аҭыԥқәа 700 тонна рҟынӡа аӡы рықәҭәан

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аԥстәқәа кьыс шырмоуз.

"Иахьазы иблуаз абнарақәа ироуз аԥырхагара ахәшьара уадаҩуп. Анализ аҭыԥ аҿы иҟаҵатәхоит", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Ҷыҭанаа имцуп ҳәа ахиҳәааит Бе-200 амшынӡы аныҭнагоз аԥсыӡ аԥырхага рызун, Амшынеиқәаҿ аекосистема еилаган ҳәа игәарарҵаз ажәабжь.

Аԥсны АҶА аминистр апресс-конференциаҿ аҽазныкгьы ишьақәирӷәӷәеит абылра мзызны иаиуз ауаҩытәыҩсатә фактор шакәыз. Иара иажәақәа рыла ахаламцакра аҟалара аналшо +45С градус еиҵамкәа ианыҟоу ауп.

"Аԥсны ацәаакыра ҳаракуп, аҳауатә ҭагылазаашьа иаҿырԥшны ахаламцакра аҟалара даара иуадаҩуп", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Апресс-конференциаҟны Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа Урыстәыла АҶА ахаҭарнакцәа аҳаҭыртә шәҟәқәеи "За содружество во имя спасения" амедалқәеи ранеишьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0