Аҟәа аиҿахысра иахҟьаны ҩыџьа ҭахеит ҩыџьа ахәрақәа роуит

© SputnikСтрельба напротив ресторана "Сан-Ремо"
Стрельба напротив ресторана Сан-Ремо  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа амшынԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз ахҭыс инамаданы ирылаҳәоуп аплан "Аанкылара". Аҭыԥ аҿы аоперативтә усзуҩцәа аусура иаҿуп.

АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Аҟәа, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы, аресторан "Сан-Ремо" аҿаԥхьа иҟалаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ҳәа ааицҳауеит Аԥсны ААР рминистр Гарри Аршба.

Амшын аԥшаҳәаҿы ахысрақәа аҭыԥ рыман: ааха зауз ахәшәтәырҭахь инагоуп - Sputnik Аҧсны
Амшын аԥшаҳәаҿы ахысрақәа аҭыԥ рыман: ааха зауз ахәшәтәырҭахь инагоуп

Уаанӡатәи адыррақәа рыла ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп ԥшьҩык ауааԥсыра.

Аминистр иҳәеит аиҿахысра аҭыԥ аман асааҭ 14:40 рзы ҳәа. Идырым хҩык асабардақәа рҿаҵаны машьынала абри аҭыԥ ахь инеины ақьафурҭа ааигәара итәаз ауаа ирылахысуа иалагеит.

"Аоперативтә усзуҩцәа ражәақәа рыла иҭахеит Шамба зыжәлаз ахаҵеи Ақырҭаа зыжәлаз аресторан аусзуҩ-ӡӷаби. Ахәра змоу ҩыџьа ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп", - иҳәеит аминистр Гарри Аршба.

Иара убасгьы иҳәеит ацәгьоуцәа раанкыларазы ишымҩаԥырго аплан "Аанкылара".

Ажәабжьқәа зегьы
0