Аԥсни Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа аилацәажәара мҩаԥнагеит

© Foto / Кабинет Министров РААԥсни Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа аилацәажәара мҩаԥнагеит
Аԥсни Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа аилацәажәара мҩаԥнагеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Ҟрыми рыбжьара 2018-2021 шықәсқәа рзы ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы ауснагӡатәқәа рыплан Аҟәа, абҵара 15 рзы актәи Аиҳабырабжьаратә комиссиа реилатәараан напы зҵаҩыз анагӡара шымҩаԥысуа иалацәажәеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. 2019 шықәса ԥхынҷкәын 3  рзы Аԥсни Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа аилацәажәара мҩаԥыргеит. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба иазгәеиҭеит аиҳабырабжьаратә комиссиа дшалахәхо Аԥсны Ақыҭанхамҩазы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Амиран Какалиа.

Акомиссиа аԥсуа хәҭа ахантәаҩы Даур Аршба дырзыӡырҩит аҳасабырбақәа, еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа реицымҩаԥгарақәа ирзырхоу аусбарҭақәа реиныррақәа ртәы. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит  иҟоу аиуадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа  еиуеиԥшым аусхкқәеи ахырхарҭақәеи рҟны аусеицура адинамика шаныԥшуа.
© Foto / Кабинет Министров РААԥсни Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа аилацәажәара мҩаԥнагеит
Аԥсни Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа аилацәажәара мҩаԥнагеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсни Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа аилацәажәара мҩаԥнагеит

Аиҳабырабжьаратә комиссиа аԥсуа хәҭа иара убасгьы иалацәажәеит  ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы аиқәшаҳаҭра ахықәкқәа рынагӡаразы  сынтәа, ԥхынҷкәын 12-15 рзы Симферополь имҩаԥысраны иҟоу аҩбатәи аилатәара амшхәаԥштә азҵаара.

Ҟрым - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: Аԥсныи Ҟрыми реизыҟазаашьа аҿиара ҿыц аиуит

Аиԥылара алахәылацәа ражәақәа рыла, акомисссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны ԥхьаҟатәи аизыҟазаашьақәа ашьаҭа бзиа рзырхиахароуп, аицпроектқәа русура ырҭбаахароуп.

Аԥсни Ҟрыми ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырратә-техникатә, агуманитартә усхк аҟны русеицуразы аиҳабырабжьаратә комиссиа 2019-2021 шықәсазтәи аусура аплани аԥкаанҵеи рнапы рыҵарҩит 2018 шықәса абҵарамзазы.иара убасҟан иазырхиан иагьышьақәырӷәӷәан акомиссиа арегламент.

Ирыдыркылаз адокумент аҿы иарбан 40 рҟынӡа уснагӡатә ахырхарҭақәа жәаба рҟны: ахәаахәҭра-економикатә, ақыҭанхамҩатә, ааглыхратә, атуризм, атранспорттә еиқәыршәара, аргылареи архитектуреи, аҵарадырреи аҭҵаарадырреи, абаҩырҵәыреи аспорти, акультуреи, аҿартә политикеи русхк аҟны.

Акомиссиа аԥсуа хәҭа ахантәаҩы – Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба, ҟрымтәи ахәҭа ахантәаҩы – Ҟрым аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0