Аԥснытәи аушьҭымҭацәа Урыстәыла аҵараиурҭақәа ирҭалар шрылшо атәы рзеиҭарҳәеит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥснытәи аушьҭымҭацәа Урыстәыла аҵараиурҭақәа ирҭалар шрылшо атәы рзеиҭарҳәеит
Аԥснытәи аушьҭымҭацәа Урыстәыла аҵараиурҭақәа ирҭалар шрылшо атәы рзеиҭарҳәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аконсультант Дмитри Кононов арадио Sputnik аинтервиу аҭо, иҳәеит аԥснытәи аушьҭымҭацәа рзы апрофориентациа шымҩаԥгаз.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 – Sputnik. "Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа иаку рымш" Аԥсны имҩаԥысуеит абҵарамза аҵыхәтәантәи амчыбжь азы, уи азкуп абитуриентцәа рыпрофессионалтә хырхарҭа рзалхра. "Россотрудничествеи" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети аԥснытәи абитуриентцәа ирзеиҭарҳәеит урыстәылатәи аҵараиурҭақәеи ААУ-и рҭалараан алхрақәа шымҩаԥысуа атәы. Абри ауснагӡатә шымҩаԥысыз атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" аконсультант Дмитри Кононов.

"Россотрудничество" есышықәса имҩаԥнагоит "Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа иаку рымш". Ари ауснагӡатә абитуриентцәа рхы ахьдырхаша еиҳа имҩақәнаҵоит. Иара иадрыԥхьалоит урыстәылатәии аԥснытәии ауниверситетқәа рхаҭарнакцәа.

"Сынтәа хәымш рыҩнуҵҟа аԥсуа аушьҭымҭацәа ҳарԥылеит, абитуриентцәа ирзеиҭаҳҳәеит ирымоу алшарақәеи урҭ рхархәашьақәеи ртәы. Ирацәаҩуп урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалар зҭаху. Иазгәасҭар сҭахуп зегь раасҭа абитуриентцәа Гал араион аҟынтәи Урыстәыла аҵара иҭаларц шырҭаху. 250-ҩык рҟынӡа ауснагӡатә рхы аладырхәит. Иахьазгьы иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациаҟны аҵара зҵо Галтәи ашколқәа роушьҭымҭацәа", - иҳәоит Кононов.

Иааидкылан ауснагӡатә 600-ҩык абитуриентцәа алахәын ҳәа азгәеиҭеит Дмитри Кононов.

"Ԥшьымш рыҩнуҵҟа Россотрудничествеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети рхаҭарнакцәа ареспублика араионқәа зегь рҟынтәи абитуриентцәа ирыҿцәажәон. Ауснагӡатә аушьҭымҭацәа ирымоу азҵаарақәа жәпакы рҭак аҟаҵара алнаршоит", - иҳәоит Кононов.

Акция Тотальный диктант в России - Sputnik Аҧсны
Россотрудничество аурыс бызшәа акурсқәа Аԥсны ирыцнаҵоит

Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра аԥснытәи аушьҭымҭацәа апрофориентациа рыҭара адагьы, иныҭкааны иднардырит ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵараиурҭа аҭаларазы иарбан документқәоу иахәҭоу, урҭ рформа зеиԥшразар акәу, азхьаԥшра зырҭараны иҟоу.

Есышықәса жәаҩыла аушьҭымҭацәа рҽазыршәоит аҵарадырраҿы аусеицураз аиқәшаҳаҭра шьаҭас иҟаҵаны Урыстәыла Аԥсны ахьӡала иоунашьҭуа аквотақәа рыла аҵараиурҭақәа рҭалара.

"Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны рыпрограммақәа ӡырыргеит Аладатәи афедералтә университет, Урыстәыла аиҳабыра рҟны иҟоу Афинанстә университет, Санкт-Петербургтәи ааглыхратә технологиақәеи адизаини руниверситет", - иҳәеит Кононов.

Абитуриентцәа ралкаара мҩаԥнагоит Россотрудничество ахаҭарнакра.

2016 шықәса рзы Аԥсны иазоужьын 450 квота Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0