Аԥсаҵлақәеи амзақәеи ашықәс ҿыц азы рыԥҟара азин ҟарҵом

CC0 / / Ель
Ель - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц аламҭалаз ари аҩыза аԥкыра алагалоуп Аԥсны аҵакыраҿы агәырбӷьыҵлақәа рыхьчарази реизырҳарази.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба "2019 шықәсазтәи аныҳәамшқәа рымҩаԥгараз аԥсаҵлақәеи аԥсагәқәеи рыԥҟара азин аҟамҵаразы" ҳәа Адҵа инапы аҵаиҩит ԥхынҷкәын 6 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

"2019 шықәсазтәи аныҳәамшқәа рымҩаԥгаразы аԥсаҵлақәеи аԥсагәқәеи рыԥҟареи Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҟынтә адац змам амзақәа ралагалареи рзин ҟамҵазааит", - ҳәа аҳәоит Адҵа атекст аҿы.

Аԥсны абнанхамҩа аусбарҭеи, Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы Аҳәынҭеилаки, Аԥсны ААРи рнапы ианҵоуп агәырбӷьыҵлахкқәа рыхьчара хылаԥшра арҭаларц, хаԥышәала ареспублика аҩнуҵҟа ихҵәаны аҭира алдмыршаларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0