Абиԥарақәа еимаздо арккаҩы: Андреи Ҷоҷуа диижьҭеи 140 шықәса ҵит

© Foto / apsnytekaАндреи Ҷоҷуа
Андреи Ҷоҷуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иналукааша арҵаҩы, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы, раԥхьатәи арккаҩцәа иреиуаз Андреи Максим-иԥа Ҷоҷуа Аԥсны XX ашәышықәса алагамҭа инаркны аҩыреи, аҵарааӡареи, акультуреи рышьҭыхра зҽазызкыз, шьахәлагьы изықәҿиаз дреиуан.

Еицырдыруа аԥсуа рккаҩы Андреи Максим-иԥа Ҷоҷуа диижьҭеи 140 шықәса аҵра иазку аҭҵаарадырратә конференциа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥган. Уи еиҿыркааит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети еилахәны.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Аконференциаҿы ажәахәқәа ҟарҵеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба, ААУ алагарҭатә ҵара апедагогикеи аметодикеи ркафедра аиҳабы Алықьса Касланӡиа, Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәша аиҳабы Лили Ҳагба, ААУ алитература акафедра аиҳабы Диана Џьынџьалԥҳа, Апедагогикатә институт адиректор Ирина Кәакәасқьырԥҳа. Аҵарауаа Андреи Ҷоҷуа иуаажәларра-рккаратә усура иалацәажәеит, иара убас арҵага шәҟәқәа реиқәыршәаҩи аԥсуа хәыҷтәы шәҟәыҩҩи иаҳасаб ала ихцәажәеит.

© Foto / Айнар Читанава Андреи Максим-иԥа Ҷоҷуа диижьҭеи 140 шықәса аҵра иазку аҭҵаарадырратә конференциа
Абиԥарақәа еимаздо арккаҩы: Андреи Ҷоҷуа диижьҭеи 140 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Андреи Максим-иԥа Ҷоҷуа диижьҭеи 140 шықәса аҵра иазку аҭҵаарадырратә конференциа

"Ауаҩы иира" захьӡу Горьки иажәабжь аҟны зыӡбахә имаз аҭыԥ иацәыхарамкәа, Аӡҩыбжьа ақыҭан, 1879 шықәсазы диит Андреи Максим-иԥа Ҷоҷуа.

1853-1856 шықәсқәа рзтәи Ҟрымтәи аибашьра, аурыс-аҭырқәа еибашьра, амҳаџьырра уҳәа – абарҭ арыцҳарақәа рышьҭахь аԥсуа нхацәа рыԥсҭазаашьа кырӡа иуадаҩын. Аӡәырҩы 1878 шықәсазы "ахара зду" ҳәа ахьӡ рыхҵан. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Андреи Ҷоҷуа иаб – Мамсыр Ҷоҷуагьы.

Адәы данықәыԥш инаркны Андреи Ҷоҷуа изы иалагеит аԥсҭазааратә ԥышәақәа. Ҩышықәса шихыҵуаз иан даниԥха, шықәсқәак рыҩнуҵҟа Кәтол ианду длааӡон. Анаҩс арԥыс иаб иахь, Аӡҩыбжьаҟа дхынҳәит.

Деизҳацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа аҵара аҭалара игәы азыҳәон, аха еиликаауан иара иҭагылазааашьаҿы уи зынӡагьы ишмариамыз. Ҵарадыррак иоуразы ақалақь аҟны инхоз амалуаа рҟны маҵуҩыс аусурагьы ҟәнимшьаӡеит. Зегьакоуп, кыр ахаԥсыра ибазаргьы, дҭалеит Ашьхарыуаа рышкол.

Аԥсуа алфавит. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа алфавит аҽшаԥсахуаз

Ҷоҷуа ибзиаӡаны Ашьхарыуаа рышкол даналга, Ставрополь ақалақь ахь аҵара дҭаларц дцеит. Аха уа дахьнеиз еиликааит иара иҭыԥан ҭауадк ихшара дышрыдыркылаз. Усҟан, Андреи Ҷоҷуа аҩныҟа дыхнымҳәкәа, Қарҭ аҵара дҭаланы анапҟазаратә ус ашьҭкаара иҽазикит.

Раԥхьаӡатәи аԥсуа алфавит "кириллица" шьаҭас иаҭаны еиқәиршәеит аурыс ҵарауаҩ Пиотр Услар, 1862 шықәсазы. Анбанқәеи адыргақәеи реиҳарак аурыс бызшәаҟнытә иааган, иара убас ахархәара рыҭан алаҭын, абырзен, асерб, ақырҭуа дыргақәагьы.

Услар ианбанқәа рхархәарала раԥхьаӡатәи аԥсуа нбан шәҟәы 1865 шықәсазы иҭижьит аурыс еинрал Иван Бартоломеи. Аҩбатәи аԥсуа нбан шәҟәы 1892 шықәсазы иҭыҵит, уи еицеиқәдыршәеит Константин Маҷавариании Дырмит Гәлиеи. Ари анбан шәҟәы амодификациа азун азы, адыргақәа рхыԥхьаӡара 55 аҟнытә 51-нӡа иагхеит. Ибыжьшәеит бзыԥтәи адиалекттә фонемақәа ирыҵаркуаз анбанқәа ԥшьба.

Гәлиеи Маҷавариании ралфавит иҵегьы аус адуланы, ирҿыцны иҭижьит Андреи Максим-иԥа Ҷоҷуа. Аԥсуа школқәа рҟны уи ахархәара аман 1909 шықәса инаркны. Ари алфавит аҟнеиԥш, анаҩстәи ианбан шәҟәқәа рҟынгьы Ҷоҷуа еиҭашьақәирӷәӷәеит бзыԥтәи адиалект афонемақәа рыҟамзаара, насгьы аԥсуа алфавит иахьынӡауаз ала афонематикатә (шьҭыбжьык нбанк ианашьашәало) принципқәа ирзааигәеитәит.

Ари алфавит 1926 шықәсанӡа ахархәара аман, иарала иҭыҵуан асахьаркыратә литература, апериодикатә кьыԥхь.

Анаҩс Бериа иполитика иалҵшәаны аԥсуа алфавит ақырҭуа графикахь ииаган. 1954 шықәсанӡа аԥсуа школқәа зегьы рышәқәа аркхеит, урҭ рҭыԥан иаартхеит ақырҭуа школқәа. 1954 шықәсазы иӡбан дырҩеигь Ҷоҷуа иалфавит азыхынҳәра. Анаҩс 1996 шықәсазы цыбжьыҟақәак рҟны ақьышәхаргьежьратә шьҭыбжьы арбаразы ахархәара змаз анбан "у" адырга "ә" ала иԥсахны, уи алфавит иахьанӡагьы ахархәара амоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0