Лаҭатәи атрагедиа иацәынхаз агәараҭа: авертолиот иахьымӡаз аҭаацәа рҭоурых

© Foto / Предоставлено Сырмой АшубаАӡынаа ргәараҭа, Џьгьарда
Аӡынаа ргәараҭа, Џьгьарда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Џгьарда ақыҭа инхо Аӡынаа рҭаацәара Лаҭатәи ахлымӡаах иаҟәыблаахеит. Авертолиот аҭалара иахьахьымӡаз ҩеишьцәа рҭаацәара рыԥсҭазаарақәа еиқәнархеит. Уи шыҟалаз атәы шәаԥхьар шәылшоит Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Декабр 14, 1992 шықәса рзы Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа иҵԥрааз ҩ-вертолиотк изырҭамлакәа зышьҭахьҟа ихынҳәыз аҭаацәарақәа маҷым. Лаҭа ақыҭан ҳаӷацәа рнапала иҭархаз авертолиот иҭаблыз ҳауаажәлар рхьаагара наунагӡа имӷьаӡо хәраны ҳгәаҵаҿы иаанхоит. Џгьарда ақыҭан инхо Аӡынаа рҭаацәара ари амашәыр иаҟәыблаахеит. Изҭамлакәа рышьҭахьҟа рыхынҳәра рыԥсҭазаарақәа еиқәнархеит. Ари амш акыр алацәажәара шылцәыуадаҩугьы, усҟантәи аамҭазы зхәыҷқәа еихьымӡа-еиԥымӡо изкыз, насгьы урҭ реиқәырхаразы Гәдоуҭаҟа амҩа иқәларц зыгәҭакыз Белла Ҵәыџьба-Аӡынба лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит.

"Аибашьра ианалагаз амш аҽны ажәҩан машәыршәа ԥсҭәҳәакгьы хымызт, амш каххаа иҟан. Аҽны аԥсшьарамшқәа ақыҭаҿы ирхыргарц Аҟәантәи иааит сабхәында Иура иҭаацәа, иԥшәмаԥҳәыс Лианеи, ихәыҷқәа ҩыџьеи, иареи. Иара убри аҽны иааҳалаҩит аибашьра ишалагаз ажәабжь хлымӡаах", - еиҭалҳәоит Белла Ҵәыџьԥҳа.

© Foto / Предоставлено Сырмой АшубаБелла Ҵәыџьба-Аӡынба
Лаҭатәи атрагедиа иацәынхаз агәараҭа: авертолиот иахьымӡаз аҭаацәа рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Белла Ҵәыџьба-Аӡынба

Аибашьра еибашьран, агәаӷь зызҭаз ҳажәлар рыԥсадгьыл рыхьчон. Уи иацыз аԥсҭбарақәеи агәаҟрақәеи ҵҩа рымамызт. Аха иҟан гәыӷрак уеизгьы, лашарак џьара ишцәыҵыԥхоз агәра узыргоз.

Кристина Ашәԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ашәԥҳа илгәалалыршәеит Лаҭа иҭахаз авертолиот иақәтәар шырҭахыз

"Ҳабацагәышьоз, амацәаз ҳҭакын усгьы. Ҽнак сыԥшәма Гарри ус иҳәеит: "Гәдоуҭаҟа шәаҳзышьҭыр, еиҳа сгәы ҭынчхоит", - ҳәа", - дҳацәажәон зыхшара рыԥсеиқәырхара знапы ианыз аԥҳәыс.

Аибашьра ианалагоз ииз Белла Ҵәыџьԥҳа лԥа агәыбжьанытә мызки бжаки ракәын ихыҵуаз, егьырҭ руаӡәк - ҩышықәса, ахԥатәи - шықәсыки бжаки. Аҭагылазаашьа уадаҩын. Убри аҟынтә Аӡынаа рҭаацәа Тҟәарчалҟа амҩа иқәлеит.

"Уа ҳахьнеиз хыхь итәаз авертолиот ҳазҭамлаӡеит. Иуреи Гарри ирҭаххеит ирулакгьы ҳдәықәырҵарц. Анаҩс авертолиот иҭаблыз Аслан Занҭариа аҽны дибеит Иура, "улбаа ҵаҟа, сара иҭалартә иҟасҵоит", - ҳәа иеиҳәеит. Ҳдәықәлеит, аха убри аамҭазы Иура имашьына бжьысит, уи иара цәгьа ихьааигеит, абасалагьы авертолиот ҳҭалартә изыҟамлеит. Ус лахьынҵас иҳауит, шҭак еицҭыҵыз ҩеишьцәа рҭаацәеи рхәыҷқәеи ҳаиқәхагәышьеит", - ҳәа азгәалҭоит Белла.

Разҟны, иахьа Иура Аӡынба иҭаацәараҟны ирызҳауеит аибашьра ашҳами амашәыри ирцәынхаз иԥеи иԥҳаи. Гарри Аӡынба игәараҭаҿы уи ашьҭахь диит аԥа, иахьа хҩы аишьцәа Сандра, Алиас, Хьымца раҳәшьа Арифа акыр уреигәырӷьаратәы иҟоуп, иаӡәыкны рыуаажәлар ирылагылоуп, рыԥсадгьыл амаҵ азыруеит.

"Аамҭа иаратәы ҟанаҵагәышьоит. Сыԥшәма Гарри 15 шықәса раԥхьа иԥсҭазаара далҵит. Ишакәхалакгьы, иҿымцәааит ари агәараҭа ахәышҭаара. Есышықәса ари амш сара сзы хьаак ацуп, ҳҭалазҭгьы, шәышьханхыҵ, иакуан арҭ аҩҭаацәак рышәгәашә ҳәа. Ажәҩан иалаблыз рхьаа хҽышьа змам хьаауп. Уаҳа абри аҩыза ҟамлааит, ҳаԥсуа жәлар рыжәҩан цқьазааит, аҭынчра рԥеиԥшзааит!" - абраҟа еиқәылҳәалеит ԥшьҩык ахшара ран Белла Ҵәыџьба-Аӡынба лажәабжь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0