Хәымшуп: Аԥсны АҶА аҟны еиҭарҳәеит амцарцәаразы рҭагылазаашьа зеиԥшроу

© Sputnik / Анна Огородник / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛесные пожары
Лесные пожары  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА адыррақәа рыла ԥхынҷкәын 21 раахыс ареспублика иахьаҵанакуа 60 мцакратә ҭыԥ гәаҭан.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ԥхынҷкәын 26 рзы амцакратә ҭыԥқәа азгәаҭоуп Аҟәа, Гәылрыԥшь, Гагра, Очамчыра араионқәа рҟны ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

Аҵыхәтәантәи хәымш рыҩнуҵҟа 60 рҟынӡа амца зкыз аҭыԥқәа аарԥшуп - Sputnik Аҧсны
Аҵыхәтәантәи хәымш рыҩнуҵҟа 60 рҟынӡа амца зкыз аҭыԥқәа аарԥшуп

"Аамҭа-аамҭала ана-ара ихәыҵҟьоит амцакрақәа. Иаха иазгәаҭан Тҟәарчал араиони Цандрыԥшь ақыҭеи рҟны абылра иаҿу аҭыԥ ҿыцқәа. Атехника ҷыдеи амцарцәаҩцәеи неир ахьалшо аҭыԥқәа зегьы рыҟны амца ырцәоуп", - иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Гындиа иажәақәа рыла абылра иахьаҿу аҭыԥқәа рҟны ауааԥсыра ирԥырхагахап ҳәа шәарҭара ыҟам.

"Асеиԥш ашәарҭа ыҟоуп ҳәа адырра шааҟалалак ҳамцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь инеиуеит. Убас адырра ҳаҭан Оҭҳара ақыҭантә. Ҳусзуҩцәа уахи-ҽни рус нарыгӡон, амцагьы анхарҭаҩнқәа рахь инармышьҭит", - иҳәоит иара.

Ақыҭа Акаԥа акәша-мыкәша абнараҿ амцарцәара иаҿуп АҶА аусзуҩцәа. Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы Ҭимур Кәыҵниа иазгәеиҭеит хәымш шыҵуа амцарцәаҩцәа амца аиқәыртәара иаҿуижьҭеи аха ишзалмыршахаз.

Аҵыхәтәантәи ахәымш рыҩныҵҟа 60 рҟынӡа мцакра ҭыԥ аарԥшуп ҳәа иҳәеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.

Гиндия Сатбей - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гындиа Акаԥа ақыҭан абна амцакразы: аԥсабара ҳацымхраар, амца аиааира уадаҩхоит

"Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла 56 мцакра ирыцлеит аҽа ф-ҭыԥк. Амцакра ҿыцқәа азгәаҭоуп Тҟәарчал ашьхаратә хәҭа, Алада Ешыра, Лӡаа, Илыр, Кындыӷ рҟны. Иааидкыланы 1500 нызқь ԥшьыркца абылра иаҿуп", - иҳәеит Делибалтиан.

Аԥыза-министр Валери Бганба агәрагара ааирԥшит амцакра амзыз ауаҩытәыҩсатә фактор ауп ҳәа.

Амцакрақәа ирҿагыланы ақәԥара мҩаԥысуеит амчыбжь аҩныҵҟа. АҶА иазгәарҭеит аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу.

Уаанӡа, Аҟәа араион Акаԥа ақыҭан раԥхьатәи амцакратә ҭыԥқәа гәаҭан ԥхынҷкәын 21 рзы. Уа абылра иаҿын 10 гектарк рҟынӡа абнара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0