Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Аиберқь Шамба: Аԥсны сыԥсадгьыл ауп анысҳəо, саҟара сыцлоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАиберқь Шамба
Аиберқь Шамба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
13 шықәса раԥхьа Ҭырқəтəылантəи зҭаацəа ирыцны зыԥсадгьыл ахь ихынҳəыз Аиберқь Шамба изку анҵамҭа азлырхиеит Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

2006 шықəса рзы Ҭырқəтəылантəи зҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь нхара ҳəа ихынҳəыз иреиуоуп Иунус Шамба иҭаацəа. Иахьеиԥш исгəалашəоит рыҷкəын хəыҷ Аиберқь инапы данкны амшын ахықəаҿы сзықəшəаз арҭ аҭаацəара. Избанзар, усҟан дара ирызкны Аԥсуа телехəаԥшреи арадиои рзы анҵамҭа азсырхиар акəын. Акыр сгəы хыҭхыҭуа сазыԥшын ари аиԥылара.

Мураҭ Ԥлиа - Sputnik Аҧсны
Мураҭ Ԥлиа: милаҭк ахаҿра анӡыруго, ухатəышьҭра анумоу - еиҳау разҟы ыҟаӡам

Уиижьҭеи иҵит 13 шықəса. Арҭ аҭаацəара досу рхатə усқəа ирҿын, рԥа хəыҷы иакəзар, мшызҳа изҳауан, ҳаибабартə еиԥш аҭагылазаашьа ҟамлацызт. Мышқəак раԥхьа, Аҟəа ақалақь Ахақəиҭра ашҭаҿы дычча-ччо арԥыск даасыхəаԥшит, "дҩашьазар ҟалап, сара сакəымхап аԥсшəа заиҳəарц ииҭаху", - аасгəахəит сара.

Ус сышҟа иҿанааиха, "Аиберқь уоума?" - ҳəа исзымбатəбарахан ҿаасҭит. Ааи, ихəыҷны издыруаз, аха акыр еизҳаз арԥыс Аиберқь Шамба иакəын. Гәыкала даасгəыдсыҳəҳəалеит. Сара сзы ихəыҷны иаанхаз Аиберқь ибара акырӡа сеигəырӷьеит. Анаҩс, хымԥада ҳаиҿцəажəара ахы ыҵнахит, 13 шықəса ирылагӡаны Аиберқь иԥсҭазаараҿы зҽызыԥсахыз акыр ирацəоуп.

"Сара Аҟəа ақалақь актəи абжьаратə школ аҟны аҵара сҵон. Акырӡа срызгəыдууны рыӡбахə сҳəарц сылшоит ҷыдала аџьабаа сыдызбалаз сырҵаҩцəа рыӡбахə, убас еиԥш сҩызцəагьы. Аҭырқəа бызшəа ада акагь сзымдыруазҭгьы усҟан, иахьа сцəажəоит схатəы бызшəала, убас еиԥш урысшəала. Аԥсны санааи аԥхьатəи амшқəа инадыркны аԥсуаа рҟынтəи сара иснырыз аԥхарра иахьагьы исыцрымҵуа исыцуп", - ҳəа азгəеиҭоит Аиберқь Шамба.

Аиберқь Шамба игəалашəоит Ҭырқəтəылантəи Аԥсныҟа раара иаб Иунус Шамба еснагь ихы-игəы ишҭаз. Аҩны ианааидтəалалак убри аӡбахə акəын ииҳəоз. Усҟан Аиберқь иаб игəҭакы изынамыгӡазҭгьы, шаҟа ирыцҳарахоз иԥазаҵə изы. Избанзар, иахьа Аиберқь ихы-игəы дақəгəырӷьо иԥсадгьыл аҿы изҳауеит.

Нарҭ Ҟәаԥсаргьен - Sputnik Аҧсны
Нарҭ Ҟәаԥсаргьен: сгəы раҳаҭны сыҟоуп Аԥсны, избанзар саԥсыуоуп

"Ҳара Ҭырқəтəыла Измир ҳанхон. Саб ишьҭра Анкара иазааигəаны ихон, Сивас ҳəа иахьашьҭаз араион аҟны. Сан лыжəла аҭырқəшəала Ток ауп, аԥсыуала - Габлиаԥҳауп. Саб иан ашəыуа ҭыԥҳан. Араҟа иаасыкəыршан иҟоу аԥсҭазаара аԥсуа цəа хоуп, уи сара сзы инасыԥуп", - ихəыцрақəа ҳацеиҩишон Аиберқь Шамба.

Аԥсыуа ламысла иааӡо, аиҳабы-аиҵбы аԥҟарақəа ирықəныҟəо Аиберқь Шамба, абжьаратə школ даналга, дҭалоит Аԥснытəи аҳəынҭқарратə университет, агроном изаанаҭ алихит. Иҵара ахыркəшара игəы иҭоуп. Уажəазы, аԥхынра Ҭырқəтəыла атуристтə маҵзурақəа руак аҿы аус иуеит, аӡынрагьы ара ихатə уск аартра игəҭакуп.

Али Ашәба - Sputnik Аҧсны
Иԥсадгьыл ала игәы ирҭәырц: Аԥсны зынасыԥ зыԥшааз ҳџьынџьуаҩ Али Ашәба иҭоурых

"Саб еснагь аԥсыуа ҵасла схы шымҩаԥызгашаз саиҳəон. Иара дхəыҷаахыс ақыҭаҿы изҳауан, убри аҟынтə идыруан ҳҵасқəа шныҟəгатəыз, саргьы исылаиааӡарц дашьҭан. Хымԥада, саб иажəа сахыԥаӡом, иахьынӡасылшо ала ԥсуаҵас схы ныҟəызгоит", - иҳəоит 20 шықəса зхыҵуа Аиберқь Шамба.

Шықəсык аԥхьа Аиберқь иаб Иунус ихьыз ачымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Усҟантəи аамҭазы Арепатриациазы аҳəынҭқарратə еилакы (уажәы аминистрра - аред.) Иунус Шамба иҭаацəа нхара-нҵырала еиқəнаршəеит, Аҟəа ақалақь Ажəытə ҳабла абжьаларҭаҿы игылоу аҩнеихагылаҟны ауадақəа рырҭеит. Иунус ихаҭа иакəзар, инапы ҟазан, иҭаацəа зланыҟəигашаз ацех ааиртит. Абас, Иунус Шамба иҵəҩаншьап иԥсадгьыл аҟны иаирсит.

Џьолан Маршьан - Sputnik Аҧсны
Џьолан Маршьан: изласылшо ала ҳаԥсуара ныҟəызгарц сҭахуп

"Аԥсны сара сыԥсадгьыл ауп анысҳəо саҟара сыцлоит, аиаша шəасҳəоит сцəа сҭанарӡыӡаауеит. Ҭырқəтəыла иҟоу сҩызцəа еснагь ирабжьызгоит арахь иааирц. Саргьы схəыҷаахыс Аԥсны сыбла иабаз, слымҳа иаҳаз акыр анырра бзиа снаҭеит сыԥсҭазаара араҟа ашьақəыргылараҿы. Ауадаҩрақəа зехьынџьара иҟоуп, аха гəыла-ԥсыла инаугӡо аус еснагь алҵшəа бзиа амоуп. Уи ус шакəу агəра згоит схатə ҿырԥштəы ала. Уаԥсыуаны ухы уԥхьаӡозар, знык иадамхаргьы уԥсадгьыл лабҿаба иубароуп. Зегьы рҭагылазаашьа еиԥшым аха, уи ахықəкы зегьы иреиҳауп", - ҳəа азгəеиҭоит Аиберқь Шамба.

Аԥсадгьыл амч ӷəӷəоуп. Аџьынџьдгьыл аиқəырхаразы жəытəаахыс ҳаиҳабацəа ирхыргахьоу шьарда ыҟоуп. Нырцəи-аарцəи ибжьоу аимадара ацҳа шаҟа аҽарҭбаауа, убриаҟара иӷəӷəахоит ҳдац-ԥашəгьы.

Барас Куджба - Sputnik Аҧсны
Барас Кəыџба: амузыка - ари сдунеи ауп, сара сзы уи занааҭ мацараӡам

Аиберқь ҳаиҿцəажəараҟны сиазҵааит раԥхьатəи ҳаиԥылара игəалашəозар ҳəа. Аҭакс дааԥышəарччан ус саиҳəеит:

"Ааи, исгəалашəоит. Амшын абаӷəазаҿы сҭаацəа срыцны сыҟан. Аӷба ҳазыԥшын ҳамаҭəақəа аазгоз. Иара убас иҳарҳəеит аԥсуа телехəаԥшра аҟынтə аҭыхратə гəыԥ аараны ишыҟаз. Сани, саби, сареи, иара убас Ҭырқəтəылантəи егьырҭ аҭаацəарақəагьы аӷба иаанагараны иҟаз аидара ҳазыԥшын. Исгəалашəоит сҭаацəа шəанрыҿцəажəоз, сара аганахь сгыланы сыԥхашьаны сшəыхəаԥшуан. Убасҟан схəыҷ хшыҩ ала алкаа ҟасҵеит: "Аԥсныҟа ҳаара башамхазаап, шаҟа азҿлымҳара ҟаҵаны иҳазныҟəазеи аԥсуаа", - игәалашәарақəа ҳацеиҩишон Аиберқь Шамба.

Ихəыҷымкəа идухахьада?! Зхəыҷра амҵəыжəҩақəа иргəылҵны зыԥсадгьыл аҿы зҿараамҭа амҩа иану Аиберқь Шамба изеиҕьасшьоит игəҭакқəа иара ишиҭахəу инаӡарц, иԥсадгьыл аҿы ишьҭамҭа еиҵыҵырц. Ирацəаҩхааит Аиберқь Шамба иҿыԥшыша ҳџьынџьуаа, зыԥсадгьыл иҵəатəы шьаҟаны иаҵагылаша!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0