Кьылба: ДЖәР атәылауаа амитинг иалахәын ҳәа аинформациа ыҟоуп

© SputnikСторонники оппозиции заняли правительственный дом в Сухуме 9 января, участники протеста требуют признать незаконными итоги прошедших выборов президента и назначить дату нового голосования.
Сторонники оппозиции заняли правительственный дом в Сухуме 9 января, участники протеста требуют признать незаконными итоги прошедших выборов президента и назначить дату нового голосования. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецктәи Жәлар Рреспублика ҳахаҭарнакцәоуп ҳәа зҳәаз ахаҿқәа ареспублика азинхьчаратә органқәа аус рыдырулалоит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аоперативтә информациала аоппозициаа еиҿыркааз амитингқәа Украина атәылауаа, ДЖәР ҳахаҭарнакцәоуп ҳәа зхы иазызҳәо ахаҿқәа алахәын. Абри атәы иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба.

"Аинформациа макьаназы исзышьақәырӷәӷәом. Аоперативтә информациоуп иҳамоу ала ДЖәР ҳахаҭарнакцәоуп ҳәа ззырҳәаз ахаҿқәа ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа аус рыдырулалоит", - иҳәеит иара.

Кьылба иазгәеиҭеит аоппозициаа ажьырныҳәа 9 рзы рхымҩаԥгашьа амитинг иашьашәалаӡам ҳәа.

Иара иазгәеиҭеит аҿагыларатә акциақәа рлахәылацәа рхымҩаԥгашьа азинтә хәшьара аҭахоит ҳәа.

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Урҭ иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьазы агәынамӡара аадырԥшуан.

Убри аамҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иахәаԥшуан атәыла ахадарахь кандидатс иҟаз Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ.

Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммад Кьылба - Sputnik Аҧсны
Кьылба амч ахархәаразы: усеиԥш агәҭакы ыҟам, аха иҟалар алшоит

Амитинг алахәылацәа атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит алхрақәа рылкаақәа еиҭарыхәаԥшызарц азы адҵа ҟаҵо. Амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Аоппозициа ахаҭарнакцәа ахыбра актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит.

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽынкылара аадырԥшларц. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу аҭышәныртәаларазы атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар шалшо.

Иара убри аҽны адепутатцәа ԥыҭҩыки атәыла ахадеи аиԥылара рыман. Аиԥылара ашьҭахь Аԥсны Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект  инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәашьҭеиҵарц азы. Абри инадҳәаланы ахада ипресс-маҵзура аҭак ҳәамҭа рыланарҵәеит.

"Апарламент иҟанаҵаз аҳәамҭа, ԥхьаҟазы аҭынчра аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа хықәкны ишазгәаҭоугьы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуеит, атәылазы еиҭакшьа змам ахылҿиаақәа ахҟьар ҟалоит» ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Акциа алахәылацәа иаашаанӡа ахыбра аанкыланы итәан. Иҟан адәахьы иҷаԥшьозгьы. Уажәтәи аамҭазы ахада Иусбарҭа, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара рышәқәа аркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0