00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Исахьарку ажәа
13:56
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
14:59
1 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
7 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:33
27 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Аицәажәара
Гәдоуҭатәи абжьаратә азанааҭтә ҵараиурҭа: аиҳабы иҿцәажәара
18:17
3 мин
Аиҿцәажәара
Пицундатәи акурорт азы атуристтә аамҭа зеиԥшраз: аиҳабы ихаҭыԥуаҩ ицәажәара
18:20
15 мин
Новости
Главные темы
18:37
15 мин
Такие обстоятельства
On air
18:53
4 мин
On air
18:57
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны ахада иалхрақәа рылҵшәақәа закәаным ҳәа иазханаҵеит

CC0 / / Судейский молоток и весы Фемиды
Судейский молоток и весы Фемиды - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны Аконституциа инақәыршәаны ишьақәыргылоу аҿҳәара иҭагӡаны ахада иалхрақәа реиҭамҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа ҭагалан имҩаԥысыз Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур алҵшәақәеи аӡбарҭа актәи аинстанциа аӡбареи закәаным ҳәа иазханаҵеит, абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

Аӡбарҭа азал аҿы еизаз аоппозициа адгылаҩцәа ари аӡбара напеинҟьаралеи гәырӷьабжьылеи ирыдыркылеит.

Суд - Sputnik Аҧсны
Азиндырыҩ Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ азы: Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа апрезидиум акәаԥ аргылароуп

Аԥсны алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла цәыббра 8 аҽны имҩаԥгаз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа - 46,17%.

Цәыббра 11 рзы Кәыҵниа Алхратә комиссиа хада дазашшит. Цәыббра 20 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра мап ацәнакит.

Жьҭаара 7 рзы Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дахашшаауа ахашшааратә шшыԥхьыӡ ҟаиҵеит.

Ажьырныҳәа 9 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы имҩаԥысуан ахашшараратә инстанциа аилатәара, алхрақәа рылкаақәа рганахь ала Алхас Кәыҵниа инеишьҭыз ашшыԥхьыӡ инамаданы. Азашшҩы идукат Инга Габелаиаԥҳа лзыҳәа дақәшаҳаҭхеит аӡбаҩ Ҭемыр Ҭарба, уи инамаданы  ахәаԥшра аӡбаҩ Роман Кәарҷиа далахәхом ҳәа аусԥҟа рыдыркылеит. 

Ажьырныҳәа 10 рзы  Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Екатерина Онишьенко ахашшааратә инстанциа аӡбаҩцәа реилазаара далагалан. 

Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ иахәаԥшон аӡбаҩцәа: Лиа Адлеиаԥҳа, Екатерина Онишьенко, Ҭеимыр Ҭарба (ахантәаҩы).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0