Заанаҵтәи ашәҭ: иамеигәырӷьода Аԥсны амимоза ашәҭра

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаанаҵтәи ашәҭ: иамеигәырӷьода Аԥсны амимоза ашәҭра
Заанаҵтәи ашәҭ: иамеигәырӷьода Аԥсны амимоза ашәҭра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амимоза – Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа иасимвол хаданы ишьоуп. Иара ааԥын алагамҭазы ишышәҭуагьы сынтәа ажьырныҳәа анҵәамҭазы ишәҭит.

Иҟалома март 8 рзы изышьцылахьоу ашәҭ ҩежь ссир, ироуама аԥснытәи анхаҩцәа ахашәала – Sputnik аматериал аҿы.

Агәалаҟазаара аԥшшәы - ҩежьуп

Есышықәса, аҳәса рымшныҳәа аламҭалаз Ԥсоу иаԥну аҳәааҿ иуԥылоит амимоза Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииазго ҳтәылауаа.

Аԥснытәи амимоза - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи амимоза: ҽаамҭанык иеиԥшымкәа ирацәаны аҳәаа иахыргоит

Ареспубликаҿы шамахамзар ари ашәҭ аӡәгьы ҳамҭас ирҭом. Урыстәыла акәзар, уи традициахахьеит. Сынтәа амимоза акыр заа ишәҭит.

Аӡынтәи аԥхарра амимоза аҭирала хашәалак ҳауп ҳәа иазыԥшыз акыр ргәы архыҭхыҭит. Приморское ақыҭаҿы инхо Вазген иҳәеит аҳауа аԥхарра шырԥырхагоу.

"Ԥхьаҟагьы асеиԥш иԥхаррахар, аҵлақәа заа ишәҭуеит. Амимоза заҵәык акәым аԥара зыҭнаҳхуа, аха ишакәхалакгьы акыр иҳаҵгәон", - иҳәеит иара.

Аӡын ианыхьҭоу амимоза ашәҭра дырццакуеит.

"Амимоза каҿаны аванна иҭаҳҵоит, аӡырԥха ақәаҳҭәоит, целлофанла ихааҩоит. Ус иаҳа ирццакны игәылҵуеит. Ашәҭ аҳәаахь изгоит, ма ара еизакны ирысҭоит", - иҳәеит Вазген.

Вазген есышықәса амимоза ашәҭраан акыр ахашәала иоуеит. Сынтәагьы уи дазыԥшуп.

Заатәи ашәҭра зыхҟьаз

Амимоза заа ашәҭра аԥхарра иахҟьеит ҳәа ишьоит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аботаника Аинститут адиректор Едуард Гәбаз.

Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, асеиԥш аӡын ԥханы акыршықәса иҟамызт.

"Аҳауа акыр аҽеиҭанакит. Москваҵәҟьагьы иԥхарроуп", - иҳәоит иара.

Едуард Гәбаз иазгәеиҭеит аҳауа 7-8 градус илаҟәыр, аҵиаақәеи ашәырҵлақәеи ирԥырхагахоит ҳәа. Уи, ҳәарада, амимоза ашәҭрагьы иаԥырхагоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0