АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны амилаҭтә банк алаҳәара ҟанаҵеит амонета ҿыцқәа ԥшьба: "Аԥсуа аамысҭа", "Аԥсуа аршьаҟауаҩ", "Аԥсуа бџьарныҟәгаҩ", "Аԥсуа ҭауад" шыҭнажьыз азы. Абри атәы аҳәоит абанк аофициалтә саит.
Амонетақәа зегьы араӡны иалхуп. 100-100 цыра иҟоуп. Амонетақәа ирну асахьақәа авторс дрымоуп асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа. Ахаҿратә ган ала аԥсуа еибашьцәа рсахьа ануп. Амонетақәа рноминал - 20 аԥсар ыҟоуп.
Амонета "Аԥсуа аамысҭа" иануп акәымжәоу зшәу аԥсуа еибашьҩы ахҭырԥа ихаҵаны исахьа.
"Аԥсуа аршьаҟауаҩ" аҟны иануп акәымжә кьаҿ зшәу, ахылԥақәацә зхоу, аҟама зыҟәну аԥсуа еибашьҩы исахьа. Амонета ахыхь аҩыра ануп: "аԥсуа", "абаза" ҳәа.
Амонета "Аԥсуа бџьарныҟәгаҩ" иануп ашәақь зыҵаргәаны игылоу, аҳәеи аҟамеи зымӷоу аибашьҩы исахьа.
Амонета "Аԥсуа ҭауад" аҟны иануп акәымжәы хәа зшәу, аҟама зымӷоу, зарӷьа напаҿы аҟамчы зку аибашьҩы исахьа.
Амилаҭтә банк аекономика-зинтә департамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Леон Ԥлиа иажәақәа рыла, амонетақәа раахәара алшоит Аԥсны акоммерциатә банкқәа рҿы. Урҭ рыхәԥса макьаназы ишьақәыргылам.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны Амилаҭтә банк амонетақәа Сҭампылтәи рцәыргақәҵа: аҭоурыхтә ҵакы амоуп
-
Амилаҭтә банк агәалашәаратә аԥсар ҿыцқәа хԥа ҭнажьит