Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 70 шықәса ихыҵуазаарын

© Foto / ГИА "Апсныпресс"Поэт Рушбей Смыр
Поэт Рушбей Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ирҿиамҭақәа ирыԥхьоит аиҳабыратә абиԥара реиԥш, аҿаргьы. Апоет иажәеинраалақәа жәпакы ҳмилаҭтә литература иреиӷьӡоу аԥҵамҭақәа ирхыԥхьаӡалоуп.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа Смыр диит жәабранмза 13, 1950 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан. Апоет даныхәыҷыз аахыз иблақәа ддыргәамҵуа иалагеит аҟнытә, аамҭак азы Одесса ақалақь аҟны Филатов ихьӡ зху ахәышәтәырҭаҿы иҽихәышәтәуан. 13-ҟа шықәса анихыҵуаз иара иажәеинраалақәа дрыԥхьеит апоет Владимир Анқәаб. Аҷкәын иажәеинраалақәа Владимир Платон-иԥа кырӡа игәаԥхеит, иагьиабжьигеит апоезиа дацәхьамҵкәа есааира дырҿиаларц. Дук мырҵыкәа Рушьбеи Смыр игәабзиара еиҳа еиӷьхан, иҵареи ирҿиареи дырзыхынҳәит.

Рушьбеи Смыр - Sputnik Аҧсны
Иуадаҩзаргьы, ак сашәҳәар сҭахуп: Рушьбеи Смыр изку гәҭахәыцрақәак

Рушьбеи Смыр акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1965 шықәса инаркны. Апоет зааӡатәи иаԥҵамҭақәа агазеҭ "Бзыԥ" адаҟьақәа ирнылоит. 1973 шықәсазы иҭыҵуеит апоет раԥхьаӡатәи иажәеинраалақәа реизга "Аеҵәақәа рыкәашара". Ари аизга ала апоет данылоит хьӡи-ԥшеи згымыз ирҿиаратә мҩаду.

ААУ Афилологиатә факультет 4-тәи акурс астудент Шьазина Бганԥҳа лкурстә усумҭа Рушьбеи Смыр ирҿиара аҭҵаара иазкуп. Лара лажәақәа рыла Смыр илирикатә фырхацәа хадақәа зегьы рымч-рылша, ргәашьамх ӷәӷәоуп. Иара убас лара, зылаԥш ҵару апоет аԥсабаратә цәырҵрақәа рырацәара аҟнытә еиҳа иссиру, узыршанхо ахҭыс џьашьахә шалибаауа азгәалҭеит.

"Рушьбеи Смыр раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга иагьа имариоу ажәала иҩызаргьы, автор ибаҩхатәра амҽхак ду аԥхьаҩ еилыхха ибарҭоуп. Аамҭа цацыԥхьаӡа аҽеиҭанакуан апоет ҿа идунеихәаԥшышьа, аҽарҭбаауан илаԥшҳәаа, ахырҭәа иаҩызахон иажәеинраалақәа иргәылалоз ахшыҩҵакқәаа. 1976 шықәсазы аԥхьаҩцәа ирыдгалан апоет иеизга ҿыц "Ашьанҵа". Араҟа Рушьбеи Смыр иажәа сахьарк ҵакылагьы идеиалагьы кыр еиҳа игәылырҭәаахеит", - еиҭалҳәоит Шьазина Бганԥҳа.

Апоет ирҿиара далацәажәо, афилолог қәыԥш иазгәалҭеит Рушьбеи Смыр ипоезиа заҟа иҵауланы иҭуҵаауа аҟара амаӡақәагьы шузаатуа, ажәа иамоу амчи алшареи шунардыруа.

"Ауаҩытәыҩса ихәразы ихәырбӷьыцхо асахьаркыратә ажәа аамҭа иагәылаӡуам. Ажәытә бырзен ҵарауаҩ иажәақәа рыла иаҳҳәозар, аԥсра зегьы алшом. Уи ауаҩытәыҩса ицәеижь ауп изқәиҭу. Ауаҩы иҭынхо ажәа имбаауа ашәыр иаҩызоуп. Араҟа аԥсраҵәҟьагьы мчыдоуп. Имчыдоуп аамҭа Рушьбеи Смыр ирҿиара аҿаԥхьа", - иазгәалҭеит Бганԥҳа.

Рушьбеи Смыр ирҿиаратә ҭынха адагьы, иԥсадгьыл алахьынҵаӡбара кыр дазааԥсеит. Апоет, 1977-1979, 1989 ашықәсқәа рзы Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа раан аԥсуа милаҭ ринтересқәа ахьчаразы игылаз дреиуан. 1989 шықәсазы еиҿкааз афорум "Аидгылара" Гәдоуҭатәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.

Рушьбеи Смыр ипоезиа зегьы тема хаданы иамоуп иԥсадгьыл азхәыцра, ижәлар рдоуҳатә беиара абзиабара. Иара иажәеинраалақәа рҟны хыԥхьаӡара рацәала иуԥылоит аепитетқәа, аметафорақәа, аиҿырԥшрақәа, асимволизм.

Рушбей Смыр  - Sputnik Аҧсны
Ахьы лазҵоз апоет: Рушьбеи Смыр игәалашәара иазкны

Апоет иажәеинраалақәа еидызкыло аизгақәа 16 ҭыҵхьеит. Урҭ иреиуоуп: "Аеҵәақәа рыкәашара" (1973), "Ашьанҵа" (1976), "Ахҿа" (1979), "Сышьхақәа" (1981), "Ашыцқәа рашәа" (1985), "Акәукәуқәа еиқәҿырҭуеит" (1988), "Сҽыласқәа" (1990), "Рада гәышьа" (1994), "Аҳаҳаира" (1998), "Рарира" (2003), "Абжьы" (2005), "Слабашьа" (2008), ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа реизгақәа: "Арҵу" (2000), "Аҵыс иаҵәа" (2011). Иара убас, иҭыҵхьеит х-томкны иҟоу "Иалкаау иҩымҭақәа" реизга (2010, 2011, 2013).

XIX ашәышықәсазы Кавказ имҩаԥысуаз, аублаа жәлар рықәӡаара аазгаз атрагедиатә хҭысқәа ирызку Рушьбеи Смыр иҭоурыхтә поема "Семра" 2016 шықәсазы иҭыҵит. Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 2004 шықәсазы ихҵан Адыгатәыла Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара.

Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа Смыр иԥсҭазаара далҵит 2019 шықәсазы, ԥхынгәымза 29 аҽны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0