Гәыли Кьычԥҳа Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩыс далхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГули Кичба
Гули Кичба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩыс иҟаз Наҭелла Акаԥҳа длыԥсахит.

АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Жәабран 20 рзтәи аилатәараҿы Аԥсны Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩыс далхуп "Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апалата алахәыла Даниил Убириа.

"Аԥсны Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ иалхраан Гәыли Кьычԥҳа абжьқәа реиҳарак лоуит. 31-ҩык алахәылацәа рҟынтәи ҩыџьа заҵәык роуп зыбжьы лызымҭаз", - иҳәеит иара.

Аԥсны Ауаажәларратә палата 35-ҩык атәыла ауааԥсыра рыла ишьақәгылоуп. Атәыла ахада 13-ҩык алахәылацәа шьақәирӷәӷәоит, аҽа жәеизаҩык ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи иалырхуеит. Иаанхаз 11 ҭыԥ рахь ауаажәларратә еиҿкаарақәеи, аполитикатә партиақәеи, еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рҟынтәи иалкаахоит.

Даниил Убирия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Убириа Ауаажәларратә палата аусуразы: ихадоу ҳаӡбамҭақәа рынагӡароуп

Арҭ 11-ҩык ркандидатурақәа еиндаҭларала иалкаахоит. Асиақәа Ауаажәларратә палатахь инарышьҭуеит, уа маӡалатәи абжьыҭарала акандидат далыркаауеит. Убри аан азхьаԥшра арҭоит акандидат изанааҭ, иԥышәа, иусуратә стаж.

Аполитикатә партиаҟынтәи акандидат иуалԥшьоуп апартиаҿ илахәылара ааникыларц.

Ауаажәларратә палата алахәылацәа алырхуеит иагьышьақәдырӷәӷәоит хышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыҭаны.

Апалата хықәкны иамоуп аҳәынҭқарратә политика анагӡарахь атәыла ауааԥсыреи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи радыԥхьалара, Аԥсны анагӡаратә мчрақәа рзакәанқәа рыпроектқәа аекспертиза рахыжьра, Аминистрцәа реилазаара аусура ауаажәларратә хылаԥшра аҭара.

Аҳәынҭқарратә мчрақәеи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәеи Ауаажәларратә палата алахәылацәа рнапынҵақәа рынагӡараан ацхыраара рырҭалароуп. 2019 шықәса абҵара 5 рзы усҟантәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба 13-ҩык апалата алахәылацәа шьақәирӷәӷәеит. Ԥхынҷкәынмзазы даҽа жәеизаҩык ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи иалхын. Жәабран 14, 2020 шықәса рзы аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи аҽа жәеизаҩык апалата иалаҵан.

Ауаажәларратә палата иалахәылацәаны иалхын: Рисмаг Аџьынџьал, Али Аншба, Надежда Венедиктова, Беслан Џьопуа, Роман Каҷараа, Татиана Кочи, Абессалом Кәарҷиа, Лиудмила Лолуа, Ҭемыр Ԥиԥиа, Иури Попков, Изольда Ҳагба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0