Аӡатә, агәи-агәаҵәеи: абыжьбатәи аԥсуа ԥшьаҭыԥ Быҭҳа аныхаԥааҩ даҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПосвящение в жрецы Руслана Берзека
Посвящение в жрецы Руслана Берзека - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аубых ҭауад Ҳаџьы Берзек Кьерантыхә ихылҵшьҭра иеиуоу Руслан Берзек, Быҭҳа-ныха ныхаԥааҩыс далырхит жәабран 20 рзы. Иара иахьатәи Шәача иахьаҵанакуа иҟоу абыжьбатәи аԥсуа ԥшьаҭыԥ Быҭҳа амаҵ азиулараны дыҟоуп.

Руслан Берзек 12 шықәса ирықәуп иабшьҭра адагьы аубых жәлар рбызшәа, ркультура, рдин аиҭашьақәыргылара аус азиуеижьҭеи.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥсны абыжьныхак ируаку Елыр-ныха ашҭаҿ игыло 300-шықәса зхыҵуа аҭәаҵла амҵан еиԥылеит фҩык аныхаԥааҩцәа. Ари аиԥылара уаанӡатәиқәа, есышықәсатәи реиԥылара иеиԥшымызт. Уажәы, абри аҭыԥ аҿы Аҵыхәтәантәи аубла ҭауад Ҳаџьы Берзек Кьерантыхә ихылҵшьҭра иеиуоу Руслан Берзек, Быҭҳа-ныха ныхаԥааҩыс иалхра аус мҩаԥыргон.

Аныхаԥааҩ иалхра амҩаԥгара аӡатә-цәы ашьакаҭәарала имҩаԥыргоит. Ақьабз мҩаԥигон Елыр-ныха аныхаԥааҩ Галтер Шьынқәба. Аныхаԥааҩ арасамахә аӡатә агәи агәаҵәеи ахаҵаны ацәашьы аркны иаҳхылаԥшхәу димҵаныҳәоит. Нас, ацәашьы Руслан Берзек ихы иакәихшоит. Абри ашьҭахь егьырҭ аныхаԥааҩцәагьы аӡәаӡәала Анцәа иашьапкуеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАқьабз мҩаԥигон Елыр-ныха аныхаԥааҩ Галтер Шьынқәба
Аӡатә, агәи-агәаҵәеи: абыжьбатәи аԥсуа ԥшьаҭыԥ Быҭҳа аныхаԥааҩ даҭоуп - Sputnik Аҧсны
Ақьабз мҩаԥигон Елыр-ныха аныхаԥааҩ Галтер Шьынқәба

Аублааи, Ҳаџьы Берзек Кьерантыхәи, Быҭҳа ԥшьеи (Аублаа-ныха) еицырдыруеит аԥсуа шәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба 1970-тәи ашықәсқәа рзы ииҩыз ироман "Ацынҵәарах" ала.

Аублаа Кавказ шьаҭанкыла иқәӡааит ҳәа иԥхьаӡоуп, Быҭҳа-ныха акәзаргьы аӡбахә аҵхеиқәара ихнаҩоит. 12 шықәса ҵуеит 1864 шықәса рзы зыжәлар зманы зыԥсадгьыл ақәҵра зқәашьхаз аҭауад Кьерантыхә ихылҵшьҭра иеиуоу Руслан Берзек абри амаӡа арзара дашьҭоижьҭеи. Руслан ихаҭа Ҟабарда диит, дааӡеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАқьабз мҩаԥигон Елыр-ныха аныхаԥааҩ Галтер Шьынқәба
Аӡатә, агәи-агәаҵәеи: абыжьбатәи аԥсуа ԥшьаҭыԥ Быҭҳа аныхаԥааҩ даҭоуп - Sputnik Аҧсны
Ақьабз мҩаԥигон Елыр-ныха аныхаԥааҩ Галтер Шьынқәба

"Ҳара Ҟабарда ҳаҟазаараз агәаанагарақәа ҩба ыҟоуп: акы – Ҳаџьы Берзек иԥацәа ҩыџьа Ҟабардаҟа ииаган абшьҭра аиқәырхаразы. Урҭ уа инрыжьит абасеиԥш ҳәаны: "Ҳара иҳаздырам шәышрызныҟәаша, ҭауадцәак реиԥш акәу хьшьцәак реиԥш акәу, аха рыжәла еиқәшәырха", - еиҭеиҳәоит Руслан Берзек.

Руслан акраамҭа иҽазишәон иабшьҭра аиҭашьақәыргылара. Иԥшаарақәа днаргеит Черкесск, Адыгеиа, Шәача, Аԥсны, Ҭырқәтәыла рахь. Ҭырқәтәыла иара даҭааит Ҳаџьы Берзек анышә дахьамадоу аҭыԥ.

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Берзек
Аӡатә, агәи-агәаҵәеи: абыжьбатәи аԥсуа ԥшьаҭыԥ Быҭҳа аныхаԥааҩ даҭоуп - Sputnik Аҧсны
Руслан Берзек

Руслан иабшьҭра ашьақәыргылара анилша ашьҭахьгьы ҭыԥ инаҭомызт аублаа рлахьынҵа – избан рыԥсадгьыл зынрыжьыз. Аԥсуа шәҟәыҩҩы ду ирҿиамҭа уи аҭак инамҭеит, изҵаарақәа еиҳагьы иаррацәеит.

Руслан иажәақәа рыла иашьцәа руаӡәк хаҭала Баграт Шьынқәба диԥылахьан, иҟаз шыҟаз аилкааразы. Баграт Шьынқәба иҳәеит ацензура иахҟьаны зегьыҵәҟьа шизымҩыз, аҵарауҩ-лингвист Шәарах Кәаӡба инапылаҩырагьы ииҭеит. Ишеилкаахаз ала 1936 шықәсазы Шәарах Руслан Берзек иабду диҭаахьан. Аицәажәарагьы рыман. Излацәажәоз Руслан издырам, иҟалап 1864 шықәсқәа рзтәи ахҭысқәа ракәзаргьы.

Аԥсны Руслан дахәаԥшит Баграт Шьынқәба ироман иалхны Аҿар ртеатр актиорцәа иқәдыргылаз аспектакль "Ацынҵәарах". Аспектакль ашьҭахь иара ахәаԥшцәа рҿаԥхьа дықәгылеит.

"Аспектакль ашьаҿа ӷәӷәӷа снарҟаҵеит. Аспектакль ашьҭахь еизаз рҿаԥхьа сықәгылан Ҳаџьы Берзек Кьерантыхә иҟаиҵаз азы аҭамзаара шьҭасҵеит. Иара хаҭалатәи ихара рацәамзаргьы ажәлар ргәаҟра шьардан. Уи мап узацәкуам. Ирхыргаз арыцҳарақәа рзы ҳабацәеи ҳабдуцәеи урҭ рхылҵшьҭрақәеи рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭасҵеит" ҳәа иҳәоит иара.

Быҭҳа амаӡа ҿаршә амоуп иахьанӡагьы. Иаадыруа ҭҵаарадырратә шьаҭак аман иҟам.

"Быҭҳа иахьатәи аамҭазы – Шәача акультуратә еиқәҳәаларҭақәа ируакуп. Аҭыԥантәи ауаа ирдыруеит иара шбаша шьхам, ишыԥшьоу. Иаразы иахь аиҟоу алегендақәеи ажәабыжьқәеи баша ииз ак ракәым. Ихадароу арҭ аҭыԥқәа еиҭашьақәыргыланы реиқәырхароуп", - иҳәоит археолог, Урыстәылатәи академиа Шәачатәи Аҭҵаарадырратә центр аусзуҩ Андреи Кизилов.

© Sputnik / Томас ТхайцукУрыстәылатәи академиа Шәачатәи Аҭҵаарадырратә центр аусзуҩ Андреи Кизилов.
Аӡатә, агәи-агәаҵәеи: абыжьбатәи аԥсуа ԥшьаҭыԥ Быҭҳа аныхаԥааҩ даҭоуп - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи академиа Шәачатәи Аҭҵаарадырратә центр аусзуҩ Андреи Кизилов.
Еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа ирҳәоит аублаа ахьыцқьа иалхыз астатуеткақәа ҩба рыман ҳәа. Акы – Быҭҳа ду – ашәара метрақәак инаӡон, ашьха ақәцә иқәгылан. Аҩбатәи– Быҭҳа маҷ – ашәара метрак иҟан, еиуеиԥшым аҵас-қьабызқәа рымҩаԥгара иазкын. Иҟоу адыррақәа рыла аублаа рыдгьыл ианықәҵуаз Быҭҳа маҷ Ҭырқәтәылаҟа иргеит, уа ашьҭамҭагьы ыӡит. Быҭҳа ду ара иаанрыжьит аҳаԥы аҿшәҭа хаҳәла ичаԥаны.

Руслан акраамҭа Быҭҳа ашьха ҭиҵаауан аԥшьаҭыԥ аҭыԥ аҿы.

"Аус рацәа мҩаԥган аетнологиа аганахь алоума археологиа аганахь ала аума. Ашьха ақәцәаҿы иқәыргылан Анцәахә абаҟа – ашьауардын сахьа змоу аԥсаатә. Иҟаҵоу рацәоуп аха изызхьаԥштәу рацәоуп. Сара исхықәку Быҭҳа маҷ ашьҭамҭа аԥшаароуп. Иҟоуп ацәажәарақәа Лувр аҵәахырҭаҿы иҟазар ҟалоит ҳәа", - иҳәоит Берзек.

Уажәы Руслан Шәача аиҳабыра рҿы ацәажәарақәа мҩаԥигоит аԥшьаҭыԥ аҿы официалла анцәашьапкра мҩаԥигаларц.

Археолог Андреи Кизилов игәаанагарала Руслан Берзек ныхаԥааҩыс иҟалареи уи ԥхьаҟа Быҭҳа амаҵ азиуртә еиԥш иҟалареи аетнологиа аганахь ала иуникалтәу хҭысуп. 150 шықәса инарзынаԥшуа аԥшьаҭыԥ хуаадан, уажәы уи аиҭашьақәыргылара ҭоурыхтә хҭысуп.

Беслан Шьынқәба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Шьынқәба Быҭха-ныха аныхаԥааҩ амчра иҭаразы: Аԥсны абыжьбатәи аныха ахьышьҭрахь ихынҳәит

"Ажәлар реиҭашьақәыргылара ахы акуеит ркультура аиҭашьақәыргыларала. Сгәы иаанагоит ақалақь анапхгара мап ркрым ҳәа. Акультура аиқәырхара ИуНЕСКО адокументқәа рҿеиԥш урыстәылатәи азакәанқәа рҿгьы иарбоуп. Аныхаԥааҩ иакәзаргьы аҽа хықәкык иманы дыҟам" ҳәа иҳәоит аҵарауаҩ.

Елыр-ныха аныхаԥааҩ Галтер Шьынқәба иажәақәа рыла аԥсуа жәлар ахаангьы хьааны ирыман Аԥсны абыжьбатәи аԥшьаҭыԥ аус ахьамуаз.

"Ари ииашаҵәҟьаны иҭоурыху хҭысуп. Ҳара иахьа Руслан Берзек ныхаԥааҩыс далаҳхит. Хара имгакәа Быҭҳаҟа днеиуеит. Официалла, азакәан шьаҭа аманы уа анцәаиашьапкра мҩаԥиго даныҟалалак ауп Аԥсны абыжьбатәи аԥшьаҭыԥ аныхаԥааҩ дахагылеит ҳәа анаҳҳәогьы", - иҳәеит Галтер Шьынқәба.

Аԥсуа жәытә-натә аахыс рыдгьыл аныхахәқәа быжьба: Дыдрыԥшь-ныха, Лашькендар-ныха, Лӡаа-ныха, Лых-ныха, Елыр-ныха, Инал-Кәыба, Быҭҳа ирыхьчоны иршьон. Иахьатәи аамҭазы ф-ныхак рымаҵ руеит.

Быҭҳа, ма Аублаа рныха – аубых жәлар, 1864 шықәсанӡа Шәача иахьаҵанакуа инхоз, Кавказтәи аибашьра иахырҟьаны зыԥсадгьыл ахыҵра зықәшәаз. ирыԥшьаныхоуп.

2012 шықәса рзы иҟаҵан раԥхьатәи ашьаҿа аԥсуа жәлар ртрадициатә дин азакәанеиҿкаара аҭаразы. Иаԥҵан "Аныхаԥааҩцәа рхеилак".

Ажәабжьқәа зегьы
0