Аԥснытәи аспортсмен Армавир ӡиудо азы атурнир аҟны ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит

© Фото : virastaikaДзюдо
Дзюдо - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аладатәи Афедералтә округ алкааратә еиндаҭлара мҩаԥысуан Армавир, жәабран 19 - 23 рзы. Уи далахәын аԥснытәи аспортсмен Ерик Варельџьиан.

АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Жәиԥшь шықәса зхыҵуа аԥснытәи аспортсмен Ерик Варельџьиан Аладатәи Афедералтә округ алкааратә еиндаҭлараҿ аџьазтә медал ианашьахеит. Аладатәи Афедералтә округ ӡиудо азы алкааратә еиндаҭлара мҩаԥысуан Армавир, жәабран 19 - 23 рзы. Иара иалахәын 2006-2007 шықәсқәа рзы ииз арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аӡиудоист иазыҟаҵаҩ Андреи Погосов.

Аԥснынтәи атурнир иалахәын ԥшьҩык. Лорена Симонова 44 кьыла зкапануаз рыбжьара ҩ-иааирак лгеит.

"Ҳхәыҷқәа раԥхьаӡа акәны ари аиндаҭлара иалахәын. Ус шакәугьы, рхы бзианы иаадырԥшит. Ерик раԥхьатәи иқәгылараан Астрахантәи аспортсмен диндаҭлон, дагьииааит. Афинал ахь анеиразы иқәгылараан Ҟрымтәи аӡиудоист диҵахеит, ахԥатәи аҭыԥ агараан Краснодартәи атәылаҿацә аспортсмен дииааит", - иҳәоит Андреи Погосов.

Атурнир иалахәын 300-ҩык инарзынаԥшуа Адыгеиа, Калмыкиа, Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Ростовтәи, Астрахатәи, Волгоградтәи аобластқәеи Севастополь ақалақьи рҟынтәи аспортсменцәа қәыԥшцәа.

Иара убасгьы атурнир иалахәын Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак аӡиудо асекциа ааӡамҭацәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0