Аҳәааҿы акарантин: Аԥсны алалара ззыԥкхо еилкаахеит

© SputnikАԥсны аҳәаа
Аԥсны аҳәаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Валери Бганба Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҳәаанырцәҟа рныҟәарақәа ааныркыларц, жәларбжьаратәи ауснагӡатәқәа рыҽрылархәреи акомандировкақәеи мап рцәыркларц.

АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Адунеи зегьы акоронавирус иахьамҽханакуа инамаданы Аԥсны аҳәаақәа рҟны акарантин аԥҵахоит. Абри атәы иҳәеит ахада инапынҵақәа назыгӡо, аԥыза-министр Валери Бганба жәабран 26 рзы имҩаԥгаз аилацәажәараҿы.

Акарантин инақәыршәаны Урыстәыла атәылауаа рыда егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа Аԥсныҟа ралалара ԥкхоит.

"Ҳара иаҳбарҭоуп авирус Европа шамҽханакуа. Ҳтәылауаа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь рныҟәарақәак аанаҳкылар акәхеит. Егри Ԥсоуи рҳәаақәа рҟны амедицинатә ҭыԥ рыӷәӷәахоит. Аҳәаанырцәтәи аиҿкаарақәа рахь аҳәара ҟаҳҵеит атехника ҷыдала ацхыраара ҳарҭарц", - иҳәоит Бганба.

Валери Бганба Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҳәаанырцәҟа рныҟәарақәа ааныркыларц, жәларбжьаратәи ауснагӡатәқәа рыҽрылархәреи акомандировкақәеи мап рцәыркларц.

Валерий Бганба провёл совещание о мерах по предупреждению распространения коронавируса на территории Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны коронавирус ашьақәыргыларазы атест-системақәа аиуеит

"Ҳусбарҭақәа амассатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан аҳәаанырцәуаа аладырхәуеит, командировка ҳасабла атәымтәылақәа ирҭаауеит. Аамҭала арҭ зегь мап рцәышәкырц аҳәара ҟаҳҵоит, избанзар акоронавирус адунеи амҽхакра иаҿуп. Мызкы аҟара ичҳатәуп", - иҳәеит иара.

Бганба агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи Ҭамаз Ҵахнакьиа инапы ианиҵеит акоронавирустә инфекциа Аԥсны ахы цәырнагар, амедицина усзуҩцәа рхымҩаԥгашьа еиҿкаазарц.

Авирус иахьатәи аамҭазы ирымоуп ҳәа агәаанагра ыҟоуп 80 нызқь-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 2,7 нызқь-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0