Коронавирус иахҟьаны ауаҩы дыԥсит ҳәа ауҳәансҳәан Агәабзиарахьчара аминистрра иҿаԥнаҽуеит

© SputnikМинистерстве здравоохранения Абзазии
Министерстве здравоохранения Абзазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны иахьаҵанакуа коронавирус зыхьуа уаҩ дыҟам ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 3– Sputnik. Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр апресс-маҵзураҿы Очамчыра 23 шықәса зхыҵуаз ауаҩы коронавирус иахҟьаны дыԥсит ҳәа ирҳәо иашам ҳәа азгәарҭеит.

"Аԥсны ареспубликатә санепедимиологиатә станциа адыррақәа рыла ари ахҭыс коронавирус акала иадҳәалам, иԥсыз  ичымазара аҿиашьа  акала авирус иеиԥшымызт. Уи адагьы иара мызқәак рыҩныҵҟа атәыла анҭыҵҟа дымцацыз", - ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Уаанӡа Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа аҳәамҭа ҟаиҵахьан ареспубликаҿ коронавирус аӡәгьы идбалам ҳәа.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра коронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ВОЗ, ООН, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәеит.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори Аԥсны аҳәаа иахьаԥну асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәара иацхраауеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистрра апресс-маҵзура.

Валерий Бганба провёл совещание о мерах по предупреждению распространения коронавируса на территории Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны коронавирус ашьақәыргыларазы атест-системақәа аиуеит

"Хара имгакәа Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп амобилтә санитар-епидемиатә бригадақәа атехника ҷыда рыманы. Иара убасгьы – Урыстәыла агәабзиарахьчара аепидемиологцәеи аинфекционистцәеи рыбригада. Иара убасгьы ацхыраара ҟаҵахоит ахәшәқәа, аныхратә материалқәа, адиагностикатә тест-системақәа рыла", - азгәарҭеит аминистрраҿы.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иаԥҵахоит асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәаала аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рыӷәӷәахоит.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра коронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәеит.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа. Уи адагьы аамҭалатәи авирустә инфекциа зыхьуа рзгьы иаԥҵахоит акарантин, урҭ рҭаара ԥкхоит рҳәеит аминистрраҿы.

Аԥсны иаԥҵоуп аусбарҭабжьаратә штаб акоронавирус аҿиара аԥырҟәҟәааразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0