Гәымсҭа ақыҭан Узбекисҭан атәылауаҩ лцәаԥҽразы Апрокуратура ашьаус хацнаркит

© Sputnik Милиция МВД
Милиция МВД - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа араион апрокуратура Гәымсҭа ақыҭан Узбекисҭан атәылауаҩ лцәаԥҽра аганахьала ашьаус хацнаркит.

АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Аҟәа араион апрокуратура Гәымсҭа ақыҭан аҭыԥ змаз Узбекисҭан атәылауаҩԥҳәыс лганахьала ацәгьоура – ацәаԥҽразы ашьаус хацнаркит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада асаит.

Ашьаус хацыркуп 1979 шықәса рзы ииз Альберт Жираин-иԥа Киносиан иганахьала.

"Ашьаус аматериалқәа инарықәыршәаны хәажәкыра 1, 2020 шықәса рзы Альберт Жираин-иԥа Киносиан, 1979 шықәса рзы ииз, амч ихы иархәаны 1976 шықәса рзы ииз Узбекисҭан атәылауаҩԥҳәыс иавтомашьына "Ниссан" ала Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан уаҩ дызхым ахыбрахь днаган лцәа ԥиҽит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Зцәа ԥырҽыз аԥҳәыс лыхьӡ ашьаус аинтересқәа инарықәыршәаны ирзам.

Киносиан ацәгьоура ашьҭахь дыбналеит, уажәы иара иԥшаара рылаҳәоуп.

Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Аҟәа араион апрокуратура.

Ажәабжьқәа зегьы
0