Иҟалааит аԥҳәыс анасыԥ лызҭо ахацәа…

© Sputnik / Томас ТхайцукНабережная
Набережная  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аҳәса рымш инадҳәаланы ауаҩ изы анасыԥ иаанаго далацәажәоит Sputnik аколумнист Светлана Ладариаԥҳа.

Аԥҳәыс илызкны ашәақәа аԥырҵон, ажәа еиндырнаалон аханатәгьы. Аԥҳәыс илызкын ажәаԥҟақәа. Саҭанеи Гәашьа, Гәында-ԥшӡа, Баалоуԥҳа Мадина, Ахан-иԥацәа рҭыԥҳа ԥшӡа Ҳанифа… рыӡбахә еиҭаҳәо еиҵагылоз аҿар рааӡон.

Всадница - Sputnik Аҧсны
Даду иҳәамҭа: "Аҭаца ӷәӷәа ллакә" азы ажәақәак

Зегьы еицырдыруеит аԥҳәыс лымч. Лажәа, лылаԥш, лыбзиабара – ҿыц иизшәа еиҭаркуеит адунеи. Соуп зҳәо ахаҵа аԥҳәыс лыблақәа дрытҟәоит, ԥҵәара зқәым абырфын рахәыц ала дрыдырҳәалоит. Жәаҩык ахацәа бџьаршьҭыхла ирҿагыло, иагьыриааиуа абра дҭаслымхоит. Зныктәи аччаԥшь, зныктәи алаԥш, ажәа ирыхҭниҵоит ихы-иԥсы, иацтәии иахьатәии имшқәа рыдагьы уаҵәтәи иԥеиԥшгьы рыхҭниҵоит. Иҭаххоит амшынцәқәырԥараҿеиԥш дӡааҟәрыларц, ахааназ уи ацәқәырԥара дзалымҵуа дынхарц, ацәгьеи абзиеи изеиԥшны рыҵагылара илдыршарц, ианҵәыуатәугьы илаӷырӡ ЛАРА илрыцқьаларц. Аԥҳәыс лыбзиабара – уи адунеи ду аикәагьыжьра ахыц ааннакылоит, амреи адгьыли реикәшара шьшьылаҳаӡа  иартәоит. Насыԥ имоуп абри аимгеимцара зыԥсҭазаараҿ изқәашьхаз, лашараны изҿаԥхаз. Нас мышкызны ма џьанаҭ, ма џьаҳаным уи агәалашәара камшәаӡо иззаанхо.

Аха изакәызеи нас уи анасыԥ?

Дасу уи ихатәала ибоит, еиликаауеит. Насыԥуп ашьыжь ианшо, амш ахәларахь ианнеиуа, убри аан иуҭаху узҭаху рхы-ргәы бзиаӡа ианыҟоу. Насыԥуп қәауншьҭахь амра анцәырҵуа. Насыԥуп…

аамҭала аныҳәарақәа мҩаԥызгоз Светлана Алшәындба - Sputnik Аҧсны
Светлана Алшәындба: аҭаца дшырныҳәо еиԥш лыԥсҭазаара шьақәгылоит

Аха избан џьоукы ирымоу-ирыхӡу марымажаны ианыҟоу, рхы рыхшара еиҵаҩҩы ианеилоу, ажәакала зегь  бзиахәӡа ианыҟоу, аха инасыԥданы рхы зыршьо? Аха избан аԥсҭазаара ахықә аҟынӡа инеины ихықәгылоу анасыԥ мацәысеимҟьаран изырбо?

Иҟалап, есуаха, есшьыжьы анасыԥ зымҩанызо уи абара ицәыцәгьахозар. Иҟалап, анасыԥ зынӡаскгьы иҟаӡам ҳәа изшьогьы дыҟазар.

Баша абри адгьыл даным ауаҩы  минуҭқәак ирыдамхаргьы абри зеилкаараҵәҟьа уадаҩу аҭагылазаашьа  иамҽханакыз. Ажәытә зны, данҿаз, имшқәа анышәҭуаз имҩаҿ иԥылаз лылаԥш иахьагьы игәы арԥхозар, уи аимгеимцара иалыршаны азаҵәра ажьеиԥш ибналозар.

Анкьаӡа зны Анцәа анышәаԥшь далихит ахаҵа. Инимхыкәа  изаанхеит маҷк анышәаԥшь.

– Уаҳа иузалысхрызеи? – дҵааит Анцәа.

– Анасыԥ, – иҳәеит ахаҵа.

Анцәа  ажәак мҳәакәа изаанхаз анышәаԥшь ахаҵа инапы инаиркит.

Иҟалап уи иахьанӡагьы иазиуша изымдыруа икызар?..

Аԥҳәыс лакәзар, уи ахаангьы илдыруеит илҭаху. Еиҳа дануҿаччогьы лгәы иҭылҳәаауеит абарҭ ажәақәа:

Беременная женщина - Sputnik Аҧсны
Аԥҳәыс лыпату

Уара – уҵхуп,

Сара – сымшуп.

Уареи сареи

Зынӡа ҳхазуп.

Уара – уҭагалануп,

Сара – сааԥынуп.

Сара – ухы еилазго

Ҵәҵәа бжьуп.

Сара – адунеи иахысуа

Ччабжьуп.

Уара – уҿымҭроуп, уԥхыӡуп,

Уара – са сҟынӡа имнаӡо

Напеиҵыхуп.

Сара – са соуп.

Уара – уа уоуп…

…Абар иахьа иазгәарҭоит аҳәса рымшныҳәа. Иныҳәамшхаҵәҟьааит уи амш! Иагымхааит шеишықәса афырхацәа ирыԥсадгьылу аԥсуадгьыл, аԥҳәыс лылаԥш иарҭаслымуа, Анцәа рнап иаиркыз анышәаԥшь анасыԥ алхшьа иақәшәо ахацәа. 

Аҳәса, урҭгьы арҭ ажәақәа иахьынӡауа аԥсахшьа иақәшәаны:

"Сара – са соуп.

Уара – уа уоуп.

…Аха ҳҩыџьагьы – аӡә ҳауп"

ҳәа рҳәартә еиԥш иҟалааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0