Амилициа аусзуҩцәа рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭазыргылаз рганахь ала ашьаус хацыркуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПрокуратура г. Сухум
Прокуратура г. Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААР аусзуҩцәа азинеилагаҩцәа ианрышьҭала, урҭ арахь иреихсуа иалагеит. Ацәгьоуцәа раанкыларазы аматериал нарышьҭит Аҟәа араион апрокуратурахь.

АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Амилициа аусзуҩцәа аҿагылара анрырҭа ашьҭахь иааныркылаз Аҟәа ақалақь ауааԥсыра - Аинар Зыхәба, Мизан Зыхәба, Аслан Зыхәба, Гарри Аҩӡба рганахь ала Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, хәажәкыра 16 асааҭ 02:00 рзеиԥш амилициа аусзуҩцәа рҽазыршәеит иццакцәаны ицоз, аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз автомашьына Toyota Noah аанкылара. Амашьына анаанымгыла, амилициа аусзуҩцәа уи аанкыларазы иашьҭалеит, ацәгьоуцәа амилициаа ирықәкны ахысра иалагеит. Аҟәантәи Иашҭхәанӡа рышьҭазаара иаҿын, уа ианнеигьы азинеилагаҩцәа амилициаа рмашьына иеихсит, абри ашьҭахь дара абналара рылшеит.

Наручники  - Sputnik Аҧсны
Амилициа иатәу амашьына иеихсит уи азинеилагаҩцәа ианрышьҭаз: ԥшьҩык аанкылоуп

Ршьапы иқәыргылан аусбарҭа аоперативтә еилазаара. Аԥшаарақәа ирылҵшәаны Каман ақыҭан ирбеит ибналаз зықәтәаз автомашьына Toyota Noah былны. Нас ишеилкаахаз ала, ари амашьына уаанӡа иӷьычын Аҟәа инхо атәылауаҩ иҟны хәажәкыра 12 рзы.

Аамҭақәак рышьҭахь азинхьчаҩцәа иааныркылеит аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз Mazda-6 ахь ииасны иақәтәаз урҭ аԥшьҩык. Урҭ раанкылараан ҩаԥхьа аҿагылара ҟарҵеит. Дара рҽазыршәеит амашьына Иашҭхәа ақыҭа абжьаларҭақәа руак аҟны иныжьны, абџьаргьы кажьны абналара. Уи абџьар ԥшааны ААР ахь инагоуп: зкалибр 5.45, 7.62 миллиметр ыҟоу Калашников исистема автоматқәа, урҭ рахь апатронақәа 82 цыра, атапанча "Викинг", 9.19 миллиметр зкалибр ыҟоу, уи иатәу апатронақәа 16 цыра, иара убас РГД-5 арҭҟәацга аманы.

Ашьаус хара имгакәа Аҟәа араион апрокуратураҟынтәи Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә усбарҭахь ирыҭахоит.

Иааныркылаз рыбжьара дыҟоуп Мизан Зыхәба - Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа иалхратә штаб аиҳабы, аполитикатә партиа "Амцахара" Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу арегионалтә ҟәша аиҳабы ҳәа аинформациа аладырҵәеит асоциалтә ҳақәа.

Бжьаниа иштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леонид Лакербаиа излаиҳәаз ала, Мизан Зыхәба аштаб аиҳабыс дыҟам, уи акандидат иалхратә кампаниа далахәуп ауп.

Аполитикатә партиа "Амцахара" аҳәамҭа ҟанаҵеит Зыхәба Аслан Бжьаниа иштабк аиҳабыс дшамамыз азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0