Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа атуристцәа ацхыраара рынаҭалоит

© SputnikПосольство РФ в Абхазии
Посольство РФ в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны акарантин ахьалагалоу инадҳәаланы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭахь дарбанзаалак ԥсшьара ҳәа иааз Урыстәыла атәылауаҩ ацхыраара дамыҳәацт.

АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа атуристцәа ацхыраара рыҭара иазыхиоуп Аԥсны имҩаԥысуа акарантинтә уснагӡатәқәа инарыдҳәаланы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Адипломатиатә хаҭарнакра уаанӡатәи арежим ала аус аулоит. Убри аан Ацҳаражәҳәарҭаҿы азԥхьагәаҭаратә усқәа рыдкылоуп акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы.

Аамҭала иаанкылоуп амассатә уснагӡатәқәа, Урыстәылатәи Афедерациахь аҳәаанырцәуаа авизақәа рыҭара.

Аԥсны иахьаҵанакуа хәажәкыра 24 инаркны коронавирустә инфекциа аламырҵәаразы иалагалоуп ауснагӡатә цҵақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0