Бжьаниа Аԥсны аҳаирбаӷәаза аус арура азҵаара хадақәа иреиуоуп иҳәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Сухумский аэропорт
Сухумский аэропорт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара иалагоит ҳәа рҳәеит 2019 шықәса аԥхынразы. Уи мҩаԥгахоит аинвесторцәа рыцхыраарала, аҳәынҭқарра аганахьала адгылара атәы ҳәамызт.

АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжаниа аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара ихадоу азҵаарақәа ируакуп, уи апроблема ӡбатәу еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа мзызс иҟаҵаны ҳәа ахиҳәааит ТАСС аинтервиу анаиҭоз. 

"Аҳаирбаӷәаза аус ауӡом. Ари азҵаара апроблема ду ацуп. Уи хымԥада иӡбатәуп, избанзар ҳара ҳекономиказы аҵак ду амоуп. Аҳаирбаӷәаза ахьҳамам ҳхыԥша иаԥырхагоуп. Ҳҳаирбаӷәаза зегь рыла ибзиоуп, аха убри аан ҳастратегиатә партниор, адунеи атәылақәа иреиҳау Урыстәылеи ҳареи аҳаиртә еимадара ҳабжьам. Уи иаԥырхагахо амчқәагьы хымԥада иҟалоит", - иҳәеит Бжьаниа.

Бжьаниа иазгәеиҭеит уи макьана ишизымдыруа аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара шаҟа аамҭа аҭаххо, избанзар "ари азҵаара макьана аус адулареи аҭҵаареи иаҿуп".

"Хымԥада аҳаирбаӷәаза аусура иаларгатәуп, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаагьы аусушьа иҭактәуп. Убри ауп ҳтәылауаа ргәы иахәо. Абарҭ азҵаарақәа ҳаӡбароуп", - ҳәа азгеиҭеит Бжьаниа.

Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа, аӡынра - зықьҩык рҟынӡа.

Дорожный указатель на Сухумский аэропорт у села Пшап. - Sputnik Аҧсны
Аинвесторцәа Аҟәа аҳаирбаӷәаза ҩышықәса рыҩнуҵҟа ишьақәдыргылоит

1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҳаирзали аҳаирбаӷәаза иаҵанакуа асааирҭеи аԥхасҭа рыҭан, ашьҭԥраара-тәаратә цәаҳәа аминақәа ыҵаҵан. 1993 шықәса рзы аԥхасҭа ду зауз аҳаиртә баӷәаза адыркит. 2000 шықәса рзы ахыбреи абаӷәаза аҵакыреи аминақәа рҟынтәи идрыцқьеит.

2006 шықәса рзы аграждантә авиациа Жәларбжьаратәи аиҿкаара ICAO Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза акод аԥнахит, аинформациагьы адокументқәа ирылнахит. Аҳаиртә баӷәаза жәларбжьаратә еимадаразы иаркхеит.

2014 шықәса рзы Аԥсны аиҳабыреи урыстәылатәи аилахәыра "Аэропорт Девелопменти" аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргыларазы аусеицураз аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

 

Жьҭаарамза 2019 шықәсазы жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" акапиталтә ремонти аиҭашьақәыргылареи рыпроект еиқәыршәаны апроектҟаҵаҩцәа ирыдыркылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0