Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аҿаԥхьа "аихшаратә пункт" аадыртуеит

© Foto / МЧС РАРаботники МЧС разворачивают палатку
Работники МЧС разворачивают палатку  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 25 инаркны Аԥсны иалагалоуп аԥкратә уснагӡатәқәа, хәажәкыра 28 инаркны – аҭагылазаашьа ҷыда.

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аҟәа, мшаԥы 1 инаркны Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аҿаԥхьа "аилыхратә пункт" аадыртуеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа.

"Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ахырхарҭа рацәа амоуп, аҟәшақәа еиуеиԥшым. Аҿкчымазара змоу ахәыҷқәа ахәышәтәырҭа аҩнуҵҟа рнагара ԥкхарц иргылахоит аилыхра ахьалыршахо амшьамба қьала", - иҳәеит иара.

Зшоура халаз мамзаргьы аҿкчымазара аҟазшьақәа здырбалаз ахәыҷқәа егьырҭ ахәышәтәырҭақәа рахь инагахоит ҳәа иҳәеит Џьопуа.

"Аҩны зыхәышәтәра алшо рыҩныҟақәа рахь иҳашьҭуеит, акоронавирус аӡәыр идырбалар – аҿкчымазара хәышәтәырҭахь инашьҭхоит", - иҳәеит аҳақьым хада.

Мобильный госпиталь МЧС у Республиканской больницы  - Sputnik Аҧсны
Апациентцәа рзы "аихшаратә пункт" аадыртуеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашҭаҿы

Игор Џьопуа ишиҳәаз ала, Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭаҿ уажәы акарантин ыҟоуп.

"Ҳара иҳадаҳкыло иарбанзаалак аҿкчымазара змам ахәыҷқәа роуп. Иахьазы ичмазаҩу ахәыҷқәа аԥхьанатә иахьынхо аҭыԥ ала иҟоу аполиклиникақәа рҿоуп агәаҭара иахьахысуа. Аха иҟоуп араионқәа, апедиаторцәа ахьазымхо. Ауаа аҳәара ҳарҭоит ара, аҭыԥ аҿы ахәыҷқәа рҭагылазаашьа гәаҳҭаларц. Убри азоуп абри ақьалагь зыргылахо", - иҳәеит иара.

Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭахь акоронавирус змоу днаргар, ахәышәтәырҭа арктәхоит ҳәа азгәеиҭеит Игорь Џьопуа.

Хәажәкыра 25 инаркны Аԥсны иалагалоуп аԥкыратә уснагӡатәқәа, хәажәкыра 28 инаркны – аҭагылазаашьа ҷыда.

Акоронавирус аламырҵәаразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы шәаԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0