Иреиӷьу ахәшә – аҩны атәароуп: Кан Кәарҷиа аҳҭнықалақь ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаиҵеит

© SputnikАдминистрация города Сухум
Администрация города Сухум  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус алаҵәара алмыршаразы мшаԥы 20 рҟынӡа Аԥсны аҵакыра зегь аҿы аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп.

АҞӘА, мшаԥымза 1 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа аҳҭнықалақь ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаиҵеит рхы рыхьчарц, ирзааигәоу ауаа ашәарҭара иҭадмыргыларц, иеиҭеиҳәеит атәылауаа ачымазара ҿкы иаиааиразы ақалақь ахадара имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы. Авидеоааԥхьара Facebook ала ирыларҵәоуп.

"Иреиӷьу ахәшә ҳәа иахьа иҟоу – аҩны атәароуп. Сара смаҵзуратә напынҵақәа инарықәыршәаны аусурахь сныҟәоит, исзеилымкаауа –ақалақь аҿы абриаҟара машьынарацәа зыҟоу ауп. Ауаа рхаҿы иаарымгозар ҟалап ҳазҭагылоу аамҭа ахьынӡашәарҭоу", - иҳәоит Кәарҷиа.

Убри аан иара иазгәеиҭоит ашәара аҽаҭарагьы ииашоу акәны ишыҟам.

Ақалақь ахада иҳәеит ааигәа аҳәаанырцә иҟоу аԥсуаа рахь агуманитартә цхыраара аҟаҵаразы ашәҟәқәа шишьҭыз. Раԥхьа иргыланы ихымԥадатәны ибоит арыԥҳақәа аҳауарҭарсратә аппаратқәа раахәара. Зыда ԥсыхәа ыҟам ахәшәқәа аахәоуп ҳәа иҳәеит иара. Убри аан иазгәеиҭеит ақалақь афинанстә ҭагылазаашьагьы иҳәаадоу акакәны ишыҟам.

Акоронавирус ахкҿыц COVID-19 аларҵәара алмыршаразы мшаԥы 20 рҟынӡа Аԥсны аҵакыра зегь аҿы аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп. Иаркуп аџьармыкьақ́әа, иныҟәоум ауаажәларратә транспорт, ауаа ирабжьгоуп аҩны аҟазаара.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0