Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы зыԥсҭазаара иалҵыз аҷкәын акоронавирус азы дгәарҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРеспубликанская больница
Республиканская больница  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зыԥсҭазаара иалҵыз аҷкәын акоронавирустә инфекциазы дгәарҭарц рыӡбеит атәылаҿы аҿкы алаҵәара ашәарҭара ахьыҟоу азы.

АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Аҟәа Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 2005 шықәсазы ииз аҷкәын, уи акоронавирус азы дгәарҭоит рҳәеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб аҟны.

Мшаԥы 3, 2020 шықәсазы апациент Ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭахь днаган заанаҵтәи адиагноз "акьатеитә инфекциа" илоуп ҳәа, ОРВИ аҷыдарақәа ҳәа акгьы имамызт. Иҭагылазаашьа анҭышәынтәалаха ашьҭахь мшаԥы 5 рзы аҩныҟа доушьҭын аҭыԥтә ҳақьым ихылаԥшрала амбулатортә хәышәтәра ихигарц азы.

"2020 шықәса мшаԥы 7-8 ауха асааҭ 00:10 рзы Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган 2005 шықәсазы ииз Аԥсны атәылауаҩ. Уи иҭагылазаашьа даара ибааԥсын, идбалан ацәеижьхәҭақәа жәпакы русура аилагара, иаразнак аԥсеиқәырхарҭахь диаган. Сааҭк иназынаԥшуа иақәнагаз ацхыраара ласы шизыҟаҵазгьы, иеиқәырхара залмыршахеит", - аҳәоит аштаб адырраҭараҟны.

Аштаб аҟны иара убас иазгәарҭеит зыԥсҭазаара иалҵыз аҷкәын ахроникатә ачымазарақәа илаҽны дшыҟаз, акыр аамҭа аиарҭа дшылаз.

"Атәылаҿы ишьақәгылаз аепидҭагылазаашьа ҳасаб азуны, COVID-19 азы анализ имхын. Уи аҭак ԥыҭрак ашьҭахь ирылаҳҳәоит", - рҳәеит аштаб аҿы.

Акоронавирус азы Аԥсни аҳәаанырцәи иҟоу аҭагылазаашьа атәы шәаԥхьар шәылшоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0