Акциа "Агәалашәара абаҳча" Агәӡерагьы имҩаԥыргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция "Сад памяти"
Акция Сад памяти  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа "Агәалашәара абаҳча" Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра иазкуп.

АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акциа "Агәалашәара абаҳча", Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра иазку, иахьа мшаԥы 10 рзы Агәӡератәи абжьаратә школ аҟны имҩаԥган.

"Ари акциа ашколхәыҷқәа ԥхьаҟагьы абарҭ аҵлақәа нап рыдызкылараны иҟоу рзы игәаларшәагахоит. Анырра бзиа рнаҭоит. Аҭоурых ахь ихьанарԥшуеит. Афронт алахәылацәа рфырхаҵара деилнаркаауеит", - ҳәа иҳәеит аиҿкаара "Аиааира аволонтиорцәа" ахаҭарнак Ервин Михин.

Посадка дерева  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акциа "Агәалашәара абаҳча" иадгылоит

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз ргәалашәаразы аҵлақәа реиҭаҳара акциа мҩаԥысит жәларбжьаратәи акциа "Агәалашәара абаҳча" аҳәаақәа ирҭагӡаны мшаԥы 9 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәыла, апоет, апрозаик Ҷыҷыкәа Џьонуа ихьӡ зху абжьаратә школ №13 ашҭаҿы. Акциа амҩаԥысра аамҭазы зынӡа 40-ҵла еиҭарҳаит, акциа рхы аладырхәит 45-ҩык. Ауснагӡатә иалахәын "Аиааира аволонтиорцәа", Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакцәа, урыстәылатәи аицџьынџьуаа риеҿкаара, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Максим Литвинов.

"Уаанӡа акциа аҽа форматк ала амҩаԥгара ҳгәы иҭан аха адунеитә рыцҳара ҳапланқәа еиҭанакит. Аха апандемиа мышкызны инҵәоит, ахәыҷқәа ашколқәа ирзыхынҳәуеит, абаҳчагьы нап адыркылоит", - ҳәа иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнак Евгени Павлов.

Акциа рхы аладырхәит зҭаацәа ирыцны иааиз школхәыҷқәакгьы.

"Абри аҩыза акциа ахалархәра аинтерес ду ҳзаҵоуп. Сара уаанӡа аҵла еиҭасымҳацызт. Ашкол аҿы ашәҭқәа ракәын еиҭаҳҳауаз. Сгәанала зегьы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афырхацәа рхадмыршҭуазароуп", - ҳәа иҳәоит афбатәи акласс аҵаҩы Мараҭ.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция "Сад памяти"
Акциа Агәалашәара абаҳча Агәӡерагьы имҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Акция "Сад памяти"

Акциа рхы аладырхәыр ҟалоит изҭаху зегьы асоциалтә ҳақәа рҿы хештег #СадПамятиДома адкыларала.

Акциа аиҿкааҩцәа: Урыстәылазегьтәи аволантиортә еиҿкаара "Аиааира аволантиорцәа", Аиааира аполководеццәа ргәалашәара Афонд, адгылара ауеит: апрезиденттә грантқәа Рфонд.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәын 55 000-ҩык Аԥсны ауааԥсыра.

17,5 нызқьҩык рыԥсадгьыл ду рхы ақәырҵеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0