Ахәқәа шьҭырымхразы: Аҳәынҭстандарт аҭагылазаашьа ҷыда аан аусура иалацәажәеит

© SputnikПрилавки магазинов в Сухуме
Прилавки магазинов в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астандартқәеи аенергетикатәи атехникатәи хылаԥшреи рзы Аҳәынҭеилакаҟны аҭел ҷыда аус ауан акарантинтә уснагӡатәқәа раан ахәқәа рыцҵара алмыршаразы.

АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik. Зыда ԥсыхәа ыҟам афатә аалыҵи амедицинатә тауарқәеи рыхәԥса ашьҭыҵра алҳмыршеит иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Астандартқәеи аенергетикатәи атехникатәи хылаԥшреи рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Гарри Саманба.

"Сара сыдҵала иаԥҵан амобилтә гәыԥқәа ԥшьба. Дара агәаҭаратә усурақәа мҩаԥыргон, иаԥҵан аҭел ҷыда аусура. Иарахьы абарҭ аамҭақәа рзы 700 инарзынаԥшуа дырра ҟаҵан ахә ашьҭыхрақәа ахьымҩаԥысуазы. Ҳара уахь ҳнеиуан. Иҟоу шыҟоу аабон. Ҳусура алҵшәақәа аанарԥшит. Иҳаларшеит ахәқәа рышьҭыҵра аԥырҟәҟәаара", - иҳәеит иара.

Иара иазгәеиҭеит хәажәкыра 24 рзы Аминистрцәа реилазаара аусдҵа шҭыҵыз, зыда ԥсыхәа ыҟам аалыҵ: афатә, ахәыҷқәа рзы атауарқәа, ахәшәқәа, иара убасгьы хаҭалатәи ахьчагақәеи арзҩыдаратә хархәагақәеи рыхәԥса аҳарамкразы.

Гарри Саманба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Саманба атауарқәа рыхә ахылаԥшразы: ишахәҭаҵәҟьоу алеишәа ааҳарԥшып ҳәа ҳгәы иҭоуп

Аҳәынҭстандарт анапы ианҵан ахәаахәҭратә ҭыԥқәеи уа иқәдыргыло ахәқәеи ргәаҭара.

"ОБЕПаа аус рыцаауан. Уи хра аманы иҟан. Ирацәаҩны аҭел иасуан Гагра, Гәдоуҭа араионқәа рҟынтәи, Аҟәа ақалақь аҟынтәи. Иарбанзаалак дыррак зхьаԥшрада инаҳмыжьит. Аусурақәа цон есыҽны. Абри инадҳәаланоуп хаԥышәала аԥхьанатә аҭыԥ змаз ахәқәа рышьҭыҵра зылаҟәыз", - иҳәеит Гарри Саманба.

Иара иажәақәа рыла, иахьа обиектқәак, иаҳҳәап аџьармыкьа, русура ахьхацдыркыз азы аусдҵа амчра ацәыӡит. Уажәазы аҭел ҷыдахь уаҩ дасуам.

"Ҳара ари ацәаҳәа аҳмыркӡацт. Аханатә иазыԥхьагәаҭан мшаԥы 20 рҟынӡа аус ауларц. Абри ашьҭахь усеиԥш дҵа аӡәгьы ҳҿаԥхьа иқәимыргылеит", - иҳәеит иара.

Аҭел ҷыда ԥхьаҟагьы аусура аицнаҵалоит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0