Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара: Беслан Џьапуа Sputnik иаиҭаз раԥхьатәи иинтервиу

© SputnikБеслан Джопуа
Беслан Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Беслан Џьапуа Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит мшаԥы 28 рзы. Арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Сусана Саӡԥҳа Беслан Џьапуа имаҵура данарҭа ашьҭахь лыҽималдеит, ихазхаҭалатәу аиҿцәажәара анылҵеит.

АҞӘА, мшаԥы 28- Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс ҿыц иаҭоу Беслан Џьапуа арадио Sputnik иаиҭаз раԥхьатәи иинтервиу аҿы иҳәеит ҳтәыла ақыҭанхамҩа аҿиара аус шибо атәы.

Аԥсны аԥыза министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа раԥхьатәи иҿцәажәара

"Сара ирасҳәеит сымч, сдырра ахархәара ахьасҭаша, агроном изанааҭ сымоуп, ақыҭанхамҩа аминистрраҟны аус зуан, Жәлар Реизараҟны саныҟаз урҭ азҵаарақәа хылаԥшра рысҭон, аԥышәа уи аганахьала исымоу схы иасырхәартә сыҟоуп. Хырхарҭак алхны снапы ианырҵо макьаназы ишьақәыргылам, аха азеиԥш ус аҿгьы аус аауеит", - иҳәеит иара.

Џьапуа иажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы еиҳарак ҳазлацәажәо ачымазара ҿкы аламырҵәара ауп. Урыстәыла ахада Владимир Путин ижәлар рахь иҟаиҵаз ааԥхьара шәаҳаит, ҳаргьы авирус аанкылара ауп хықәкыс иҳамоу иҳәеит иара.

"Еиуеиԥшым аизарақәа, аԥсрақәа рахь ҳахьныҟәо иашам, ҳхы ус имҩаԥаҳгар иашам. Уаҵәы иалацәажәараны иҟоуп, иацҵатәхар ауеит иҟоу арежим ҷыда", - ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.

Здание кабмина. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа афинансқәа рминистри аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩи аиҭеит

Иҟаз аполитикатә хҭысқәа рнаҩсан аус даара иӷәӷәаны иутәуп, аџьабааи аԥышәеи аҭахуп ари аус аҿы ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.

"Аԥхьа иргыланы ашәарҭадаратә зҵаара хадаратәуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Аинвесторцәеи аԥсшьаҩцәеи Аԥсны ҭынчроуп ҳәа иааиуа иҟаҵатәуп. Ҭынч аԥсшьара агәрагара рзырхынҳәтәуп", - иҳәеит Џьапуа.

Ҳтәыла иамоу амазара ахархәара аҭашьа азҵаара аҭакгьы ҟаиҵеит.

"Ҳекономика ашьҭыхразы Аԥсны иамоу амал, ажәлар ирыхәартә еиԥш аҟаҵара хықәкыс иҳамазароуп. Абри ахырхарҭала аус дуӡӡаны иутәуп", - ихәеит иара.

Ҳазҭагылоу аамҭа алҵшьа атәы, ҳқыҭанхамҩа ԥхьаҟатәи аҿиара атәы дазааҭгыло, Џьапуа иҳәеит хымԥада иахьатәи акризис ҳекономика ишаԥырхагахо, аха егьа ауадаҩрақәа ҟаларгьы, ақыҭанхамҩа ԥсыхәа змоу ала ацхыраара аиур шакәу, мамзар ақыҭақәа иахьакәым аҳәааҿы инеир рылшоит ҳәа игәаанагара иҳәеит.

"Уаанӡа ақыҭанхамҩаҟны аус анызуаз ҳазҿызи иахьагьы ҳгәы иҭоуи апроектқәа, ақыҭа азнеишьаҟны иҳамоу агәаанагарақәа иахьатәи акризис рԥырхагахар ҟалоит. Аха зегь раԥхьа игылоу усуп ҳәа исыԥхьаӡоит ақыҭанхамҩа арҿиара", - иҳәеит Џьапуа.

Ақыҭанхамҩа адгыларазы мчыс иамоуи ҳҳәынҭқарра ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит ҳхала ари ахырхарҭа ашьҭыхра шҳалымшо.

"Ҳҭагылазаашьа злаҟоу ала, аҳәынҭқарра амацара ари аҩыза аглобалтә зҵаара азыӡбаӡом. Иаарласны Урыстәылеи ҳареи ҳаиԥыларақәа ҟалараны иҟоуп, иҳабжьоу аиқәшҳаҭрақәа ҳхы иархәаны ақыҭанхамҩа ҳадгылароуп. Иара убасгьы амал змоу ауаҩы имал ҳекономика иалеиҵартә еиԥш Аԥсны аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа аԥҵатәуп. Убри адагьы аҳәаанырцә иҟоу амал змоу ҳашьцәа, ҳаԥсуаа рыцхыраара ҳхы иаҳархәар ҟалоит ақыҭанхамҩа ашьҭыхразы", - иҳәеит Џьапуа.

Иара иажәақәа рыла, ақыҭанхамҩазы аилак ҩаԥхьа аминистррахь иахьиаргаз аҵакы амоуп. Ақыҭанхамҩеи акурортқәеи Урыстәылеи ҳареи ҳаиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны ацхыраара роурц азы аминистррақәа рыбжьара аусеицура еиҳа иманшәалоуп, ирыбжьарҵо аиқәшаҳаҭрақәа еиҳа имарианы иазыҟарҵоит иҳәеит Џьапуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0