Афонд "Ашана" Нарҭ Гамгьиа изы аԥареизгара хацнаркит

© Foto / предоставлено Мактиной ДжинджолияНарт Гамгия
Нарт Гамгия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хышықәса зхыҵуа Нарҭ Гамгьиа аҳақьымцәа акьыба чымазара бааԥс – леикемиа имоуп ҳәа шьақәдырӷәӷәеит. Шықәсык инацуп ахәыҷы аԥсҭазаара дазықәԥоижьҭеи. Уажәы иара изы ихымԥадатәны иҟоуп зыхә даара ицәгьоу ахәшә.

АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Афонд "Ашана" Нарҭ Гамгьиа изы аԥареизгара хацнаркит ҳәа лҳәоит афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа. Ахәыҷы уажәы аҳәаанырцә аҽыхәышәтәра даҿуп.

"Ааигәа Кындыӷ инхо Нарҭ иандуи иабдуи афонд "Ашана" ахь ацхыраара иаҳәеит. Рмоҭа иҭагылазаашьа атәы еиҭарҳәеит. Иахьазы иара ихәышәтәразы акыр зыхә цәгьоу ахәшә иҭахуп. Ахәшә амҩангараан иахәҭоу аҳауатә ҭагылазаашьа азаԥҵатәуп, архьшәашәага маҷ иҭазароуп. Иааидкыланы миллионбжак аҟынӡа инеиуеит иаҭаху аԥара", - лҳәоит лара.

Аџьабаа ацын ахәшә аԥшаарагьы. Иара Европа иҭрыжьуеит. Акоронавирус азы апандемиа иахырҟьаны аԥошьҭақәа аус руам. Ари апроблема аӡбраҿы ацхыраара ҟалҵеит Германиа инхо ҳџьынџьуаҩ Хьыбла Амҷыԥҳа.

© Foto / предоставлено Мактиной ДжинджолияНарт Гамгия
Афонд Ашана Нарҭ Гамгьиа изы аԥареизгара хацнаркит - Sputnik Аҧсны
Нарт Гамгия

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркит.

"Иацы ирылаҳҳәеит аԥареизгара ҳшалаго азы. Ауаа активла рҽаладырхәит, аԥара аиагара иалагеит, асоциалтә ҳақәа рҿы аинформациа аладырҵәоит. Агәыӷра ҳамоуп иаҭаху аԥара иаарласны еизаҳгап ҳәа. Аҳақьымцәа ишырҳәаз ала, уажәазы ахәшә ҭрак азхоит. Ахәыҷы уи ихәаны игәабзиара шьақәгылар, наҟ-наҟ уаҳа ахәшәтәра иҭахымхаргьы ҟалоит", - лҳәоит Џьынџьалԥҳа.

Ацхыраара аҟаҵашьа афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы еилышәкаар алшоит.

Нарҭ Гамгьиа изку авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0