Имашьына аметадон ҭан: Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩ даанкылоуп

© SputnikСотрудник милиции
Сотрудник милиции  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаанкылоу аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩ ауаҩы аамҭалатәи иԥхьакырҭаҟны аус иуеит, алеитенант ичын имоуп.

АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik.  Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатә шәарҭадара аҟәшеи атәыла ашьаусԥшааратә усбарҭеи русзуҩцәа дааныркылеит амилициа алеитенант, уи зыԥсҟы икыз амашьынаҟны аметадон ҭан, абри атәы аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

"Ҳазҭоу ашықәс лаҵара 8 ашьыжь асааҭ 11 рзеиԥш ААР ахатә шәарҭадара аҟәшеи ашьаусԥшааратә усбарҭеи русзуҩцәа 1987 шықәсазы ииз, ауаҩы аамҭалатәи иԥхьакырҭаҟны аус зуа амилициа алеитенант иганахьала ироуз аоперативтә информациа шьақәдырӷәӷәеит. Ауаҩы аамҭалатәи иԥхьакырҭа аусзуҩ даанкылоуп",  - ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Иааныркылаз аусзуҩ зыԥсҟы икыз автомашьына агәаҭараан ирыԥшааит анаркотикатә маҭәашьар "метадон" ҳәа рҳәоит ААР апресс-маҵзураҿы.

Изолятор временного содержания МВД Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР аԥхьакырҭаҿы иҭакыз ззин ыҟамкәа ирымаз амаҭәарқәа рымырхит

Хымԥадатәи амедициантә гәаҭара иахыжьраан уи ицәа арҩашьыгатә маҭәашьар шаламыз аарԥшын ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҟны.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр идҵала аусзуҩ иааникылоз амаҵура дамхуп. Ари афакт азы аматериал Апрокуратура хадахьы инашьҭуп.

"Иаанкылоу ахаҿы изку иаҳа инарҭбаау аинформациа цәыраҳгоит ахылаԥшратә усбарҭа ашьаусԥшааратә ӡбара анаднакылалак ашьҭахь", - ҳәа азгәарҭоит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҟны. 

Лаҵара 5 рзы Аԥсны ААР иатәу ауаҩы аамҭалатәи иԥхьакырҭаҟны аминистр ҿыц Дмитри Дбар идҵала агәаҭарақәа мҩаԥысит, уа иҭаку ауаа ирымхын ари аҭыԥ аҿы зымазаара ҟамлоз амаҭәарқәа: иҵару амаҭәарқәа, аҭелқәа, ахәшәқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0