Аҭәҳәаҟаҵаҩ Лариса Саӷариаԥҳа: аҭәҳәа аҳақьым ицхыраара иаҩсуеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАҭәҳәаҟаҵаҩ Лариса Саӷариаԥҳа
Аҭәҳәаҟаҵаҩ Лариса Саӷариаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Калдахәара ақыҭан инхо Лариса Саӷариаԥҳа илдыруа аҭҳәақәа рыла ауааи, арахәи, аҽқәеи ршьапы иқәлыргылоит, убас илхәышәтәуеит аԥшьра ҳәа изышьҭоу ачымазареи, акәырҵыкьи, еиуеиԥшым ашәрақәеи. Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит аҭәҳәаҟаҵаҩ илызкны Саида Жьиԥҳа иазлырхиаз аматериал.

Наџьнатә аахыс ауаҩы абзалаԥши, аԥсылаԥши иаахоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Убас алаԥшцәгьа рыхьԥшуеит аҩнатә ԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи. Калдахәара ақыҭан инхо Лариса Саӷариаԥҳа еиҭалҳәеит илдыруа аҭҳәақәа рыла ауааи, арахәи, аҽқәеи ршьапы ишықәлыргыло, убас ишылхәышәтәуа аԥшьра ҳәа изышьҭоу ачымазареи, акәырҵыкьи, еиуеиԥшым ашәрақәеи.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Лариса Саӷариаԥҳа данқәыԥшыз аҭәҳәа аӡбахә лымҳаҭасла акәымызт ишылдыруаз, ланду Надиа Хәаркьиаԥҳа уи ала ауаа дрыхәон, убас иҟалҵон "аԥсуа хәшәқәа" ҳәа ззырҳәо, ачымазарақәа жәпакы рыхәшәтәразы аиҵарԥхьақәа. Аха Лариса усҟан лықәра инаҷыданы хырҩаа алҭомызт, лаԥхьаҟа илыхәоит ҳәа дазхәыцуамызт.

Крещение в Богородицком Житенном женском монастыре в Осташкове - Sputnik Аҧсны
"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз

"Сара аҭаацәара саналала, ахшара ансоу ауп ианеилыскаа алаԥш аҭәҳәа "амал" ишаҩсуаз. Иҵәааҵәаауа ахәыҷқәа ансампыҵахалак "алаԥш раахеит" ҳәа ԥсаҭа бзиа санхәа Қрисна Ҷедиаԥҳа дрыҭәҳәон, даргьы ԥшьала иааҭынчхон. Усҟан акыр схы сазгәамҵит санду илдыруаз ахьылҿысымҵааз. Аԥсҭазаара ԥхьаҟа ишьҭоуп, иҟамло акагьы ыҟам ҳәа, санхәа лыҭәҳәақәа ақьаад ранҵара салагеит, иҿыцны избоз, исаҳауаз налаҵаны", - еиҭалҳәоит Лариса Саӷариаԥҳа.

Иахьа аԥҳәыс бырг илдыруеит абзалаԥшҭәҳәа х-хкыкны, аԥсылаԥшҭәҳәа, аԥшьра чымазара (рожа) аҭәҳәа, арԥхатә ҭәҳәа, уи акәырҵыкь (ячмень) азы ибзиоуп, насгьы ашәрақәа (нагноение) ирыхәоит, арахә чымазара аҭәҳәа, убас аҽгәалҭәҳәа, лымкаала аҽқәа ирзынархоу.

"Ауаҩы, аиҳарак ахәыҷы абзалаԥш аума, мамзаргьы аԥсылаԥш аума аниаахалак ихы ахьигара изымдыруа, деиқәҵәашо даанхоит. Аду, имч цоит, аԥсҭазаара игәамԥхо аҟынӡа днеиуеит. Асаби дызмыцәо, акраимфо. Убасҟан аҭәҳәаҟаҵаҩ дырԥшаауеит. Алшара рымазар дара лызцоит, иамур лара дааргоит. Изныкымкәа, сыҭәҳәақәа рышьҭахь исыдҵаало сыла шааԥшуа ршьапы иқәгылоит. Иҿаԥхаҿаччо акы змыхьаз еиԥш рыҩныҟақәа ицоит", - лажәа иацылҵоит Лариса.

Аҵиаақәа - Sputnik Аҧсны
Лаԥшь ҵәаԥшь ҭаст: аҭәҳәаҟаҵаҩцәа алаԥш заахаз ишырхыруа иазкны

Лариса Саӷариаԥҳа иазгәалҭеит, абзалаԥш, ма аԥсылаԥш зынӡаск иухыҵырц азы зыжәла еизакым хҩык уҭәҳәароуп ҳәа. Аӡәы имацара дыҭәҳәар аамҭалоуп ианузеиӷьхо, анаҩс уҭагылазаашьа уеиҭазыхынҳәуеит.

"Аҭәҳәаҟаҵаҩ алаԥш заахаз даниҭәҳәалак ашьҭахь, ларгьы деихьссы дҟалоит. Сара ахәхәаҳәа сышҿырҳасуа исхызгоит, аха ианамулак аӡы сыхҭәҳәаланы изжәуеит", - иацылҵоит лара.

Лариса ақыҭаҿы дызланхо ала, ирацәаҩӡоуп зырахә алаԥш рааханы лыцхыраара иаҳәо агәылацәа. Аиҳарак ҿыц ихьаз ажә алаԥш ачычоуп. Уи амцашоура аиуеит, ачыргә хҭәасаауа иалагоит.

"Ақыҭаҿы ауаа арахә рымамзар ахныҟәгара уадаҩуп. Убри аҟнытә изааӡо ирыхӡыӡааҵәҟьоит. Рылахь ааиқәылар, "алаԥш раахеит" ҳәа иааны сыргоит. Срыҭәҳәоит аҽқәагьы. Арҭ ажәытә ҭәҳәақәа шәҟәык аҿынт иагәылызҩааит 40 шықәса раԥхьа. Амчгьы рымаҵәҟьоуп, баша иҳәоу жәеицааирам", - ҳәа азгәалҭоит аԥҳәыс.

© Cаида Жьиԥҳааҭәҳәаҟаҵаҩ Лариса Саӷариаԥҳа
Аҭәҳәаҟаҵаҩ Лариса Саӷариаԥҳа: аҭәҳәа аҳақьым ицхыраара иаҩсуеит - Sputnik Аҧсны
аҭәҳәаҟаҵаҩ Лариса Саӷариаԥҳа

Лариса Саӷариаԥҳа аԥшьреи, акәырҵыкьи аҭәҳәала изныкымкәа илхәышәтәхьеит. Арҭ ачымазарақәа рыҽдырцәгьар ауаҩы дагаргьы ауеит. Ажәытәан, иара уажәгьы аиҳарак ашьха қыҭақәа рҿы инхо ауаа аҳақьым аидҵаалара рцәыуадаҩуп. Изаҳӡари уи аԥсуаа иаҳҟазшьаҷыдароуп, хымԥада иҟоуп алшара змамкәа изымцогьы. Убасҟан, анцәа илԥха зауша аҭәҳәаҟаҵаҩцәа ҳгәалашәоит. Ажәытәан аԥсуаа ирдыруаз аҭәҳәақәа рацәаӡан. Ачымазарақәа жәпакы уи ала ирхәышәтәуан уҳәаргьы ауеит. Амаҭ зыцҳазгьы, ашҳам ишьа иалалаанӡа аҭәҳәала ишьапы дықәдыргылон. Ажәакала аҭәҳәа лымҳаҭасым, лакәым, доусы ҳшыхәыҷызнатә адоуҳатә мчы ҳнырхьеит.

Лариса Саӷариаԥҳа ҭәҳәақәакгьы аԥхьаҩцәа ишәыдылгалоит. Ахархәара азҭо шәзы ицхыраагӡатәу материалуп.

Аԥсылаԥш аҭәҳәа

Рады-шәады шәиҭа дыҟоуп,

Рады-шәады шәеиқәа дыҟоуп.

Ашьха хаҳә зырбылгьаз,

Аӡбаажә ӡыхьызтәаз аԥсылаԥш.

Ҭәу, ҭәу, ҭәу.

Аҽгәалҭәҳәа

Гәалда-гәалда,

Салда-салда,

Чҳа-чҳа дамгәарада,

Сқамгариа уасасуп.

Ҭәу, ҭәу, ҭәу.

Аԥшьра аҭәҳәа

Уаҩаԥшь дааин, ҩнаԥшь длатәеит,

Ҟәардә аԥшь днықәсыртәеит,

Бысҭа-аԥшь изызуит,

Шә-аԥшь изаӷрасҵеит

Криҿаҵа, криаԥсаҵа,

Ҩнаԥшь дындәылганы,

Мҩаду аԥшь днанысҵеит.

Ҭәу, ҭәу, ҭәу.

Лариса Саӷариаԥҳаи сареи ҳанеидыҵоз, "баргьы алаԥш бымазшәа збоит, бааи сбыҭәҳәоит" лҳәан, лыбжьы ныҵакны дыҭәҳәо даасхагьежьит. Лус даналга, "излаӷәӷәаз ала, ахаҵа илаԥш акәын" ҳәа ҿаалҭит. "Аӡәы дсыхәаԥшызаргьы шәара ишәымуит" сҳәан, ҳшеибарччоз лашҭа сынҭыҵит…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0