Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра ахәаҷамаҷа рҿагыларазы 117 миллион мааҭ азоужьуп

© Sputnik / Томас ТхайцукУничтожение клопов в Адзюбже
Уничтожение клопов в Адзюбже - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Амиран Какалиа Аԥсуа телерадиоеилахәыраҿы ипресс-конференциа мҩаԥысит лаҵара 27 рзы.

АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik. Урыстәыла ахәаҷамаҷа рҿагыларазы Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра ацхыраарацҵа азыҟанаҵоит ҳәа иҳәеит Аԥсуа телерадиоеилахәыраҿы Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Амиран Какалиа имҩаԥигаз апресс-конференциаан.

Каждый клоп на счету: как сдавали урожай насекомых-вредителей в Очамчыре - Sputnik Аҧсны
Аԥсны амармалташь пты аҟәшәара иахьӡом акарантин иахырҟьаны

"Ахәаҷамаҷа рҿагыларазы Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра абиуџьет сынтәа акыр иӷаруп. Иара ишьақәнартәо 15 миллион мааҭ роуп. 2020 шықәса мшаԥы 27 рзы напы аҵаҩын Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа реицыӡбара", - ҳәа иҳәеит Амиран Какалиа.

Адокумент инақәыршәаны Урыстәыла ахәаҷамаҷа рҿагыларазы Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра 117 миллион мааҭ азоунажьуеит.

"Уажәы ҳара аилаӡарақәа рпроектқәа азҳархиоит. Аԥарақәа Афинансқәа рминистрра ишахыԥхьаӡалалак, аусура ҳалагоит. 117 миллион мааҭ ҩ-етапкны еихаҳшеит ашықәс аҩныҵҟа. 8 миллионк мааҭ азҳархеит амармалташь пты аизгаразы аԥара азшәара, аха ааԥынразы аԥара ахьыҟамыз азы иҟоу аԥарақәа зегьы ҭагалан иақәаҳхарџьуеит", - иҳәеит аминистр.

Ареспубликаҿы аус зуа жәларбжьаратәи аиҿкаарқәа рылкаақәа рыла амармалташьтә пты ахыԥхьаӡара 54% еиҵахеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Амиран Какалиа.

"Напыла апты аизгара зегь раасҭа хра зауз акәхеит. Ахимиатә маҭәашьарқәа ракәзар, уаанӡа иҳаухьан жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҿы Аԥсны ахада ихаҭарнак Зураб Лакербаиа ицхыраарала", - ҳәа иҳәеит иара.

Аминистр иажәақәа рыла, иаԥҵатәуп иҷыдоу аусуцәа ргәыԥқәа ахимикатқәа аус рыдызулаша. Урҭ уи иазыҟаҵазароуп.

Амармалташьтә пты Амшын еиқәа аԥшаҳәахьы ицәырҵит ԥшьышықәса раԥхьа. Иара ирласны ареспублика иалаҵәеит. Иара аԥхасҭа рнаҭоит аиаҵәара зегьы: ашәырқәа, ауҭраҭыхқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ҵәыџьба Гал апты анырҵәаразы: ԥыҭк напыла еизганы, нас ахәшә ақәаҳҭәар, аҵыхәа ԥҵәахоит

Ажәабжьқәа зегьы
0