Александр Анқәаб: "Аиҭар" аҿы акарантин аилагара иахҟьаны COVID-19 алаҵәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАлександр Анкваб
Александр Анкваб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы "Аиҭар" аҿы Атәылахьчара аминистрра акурсантцәа фҩык ыҟоуп, Аԥсны АҶА акурсантцәа 23-ҩык, Аԥсны АШәМ акурсантцәа 25-ҩык, 15-ҩык амедикцәа, ҩыџьа атәылауаа.

АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik. "Аиҭар" аҿы акарантин аилагара COVID-19 аланарҵәеит ҳәа иҳәеит аԥыза-министр Александр Анқәаб ауааԥсыра коронавирус рацәыхбчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿы.

Набережная Сухума - Sputnik Аҧсны
Акоронавирус инадҳәаланы Аԥсны аԥкыратә уснагӡатәқәа ирыцырҵоит

"Акарантин аилагароуп изыхҟьаз ачымазцәа рхыԥхьаӡара азҳара. Уажәы зыӡбахә ҳамоу Атәылахьчара аминистрра акурсантцәа хылаԥшра рынаҭар акәын ҳәа акәым. Уи хаз цәажәарахоит. Аминистрра ахаҭа иҟалаз шыҟалаз шьақәнаргылоит. Ара зыӡбахә ҳамоу асеиԥш ахымҩаԥгара ачымазара ахьаланарҵәаз ауп", - иҳәеит аԥыза-министр.

Иара иажәақәа рыла, абри аҩыза аҭагылазаашьаан ихымԥадоу алкаақәа ҟаҵатәуп, "Аиҭар" аҿы иҟоу рымацара рзы акәым, Аԥсны ауааԥсыра зегьы рзы.

"Иманшәалашәа иаабо аҭагылазаашьа еимгеимцарак ала аҽаԥсахыр ауеит. Абри шәазхәыцыр сҭахуп зегьы. Ҭакԥхықәрада ахымҩаԥгаразы мзызкгьы ҳамам", - ҳәа иҳәеит иара.

Акурсантцәа еидтәаланы акрыфара-крыжәра ҟарымҵозҭгьы, имеиқәшәалозҭгьы, ариаҟара ачымазцәа ҳауамызт иҳәоит иара.

"Иҟан аҳәатәхамҵара. Ҳазыхынҳәып ахыҵхырҭа – иаҳашьҭуада аҵарахьы, аҭакԥхықәра абанӡарымоу? Аҭагылазаашьа аҽеиҭанамкыр акоронавирус адагьы аусқәа ҳазцәырҵуеит. Адҵақәа назмыгӡо акурсант дкомандир бзиахоит ҳәа баша ирҳәом, уи ус акәҵәҟьоуп", - иҳәеит аԥыза-министр.

Аҟәа асанитартә ҳақьым Алла Белиаева илҳәеит иахьазы "Аиҭар" аҿы Атәылахьчараа министрра акурсантцәа фҩык, Аԥсны АҶА акурсантцәа 23-ҩык, Аԥсны АШәМ акурсантцәа 25-ҩык, 15-ҩык амедикцәа, ҩыџьа атәылауаа ыҟоуп ҳәа.

Гостиница Айтар  - Sputnik Аҧсны
Ичмазаҩхаз ирныруаз акурсантцәа ркарантин иацҵахоит

"Атестқәа рымҩаԥгара иацҵахоит. Иахьа игәарҭон иацы иааз Аԥсны АШәМ акурсантцәа. Урҭ хазы иҩнарҵеит. Егьырҭи дареи еиқәшәартә иҟарҵом. Уаҵәы аҭакқәа ҟалоит", - лҳәеит Белиаева.

Александр Анқәаб дазҵааит акурсантцәа аинструктаж рзыҟаҵазма ҳәа. Асанитартә ҳақьым илҳәеит урҭ рнапхгаҩцәа реиԥш аҳақьымцәеи АЕС аусзуҩцәеи рыҿцәажәеит ҳәа.

Анқәаб дазҵааит "Аиҭар" аҿы асанитартә ҭагылазаашьа зыбааԥсыз "аномерқәа зыниазеи" ҳәа.

"Сара анапхгаҩцәа зегьы аҽыԥныҳәа рысҭоит. Ателехәаԥшрала иҟаз ддырбааит. Еицәаҳҵәахуеи?" ҳәа иҳәеит иара.

Аҿар рааӡара напалаҳамкыр бзиа ҳԥеиԥшым иҳәеит иара.

Ареспублика асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик еиҭалҳәеит уа рыҟазаара 13-тәи амш аҽны зегьы акоронавирус азы ишгәарҭо. Ус зыҟарҵо арантәи иоурыжьуа ргәы шыбзиаҵәҟьоу агәрагаразоуп.

Ичмазаҩыз ирныруаз, аԥкыратә режим еилазгаз акурсантцәа ара иаанкылан 19-20 мшы ргәабзиара иныҭкааны иҭҵаахаанӡа лҳәеит Скорик.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0