Аҟәа аԥшаҳәаҿы хҩык ауаа рышьра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу даанкылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукНаручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳҭнықалақь агәаны абҵара 22, 2019 шықәсазы иҟалаз ацәгьоура иахҟьаны хҩык ауааԥсыра рыԥсҭазаара иалҵит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы ақьафурҭа аусзуҩ дыҟан.

АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз хҩык ауааԥсыра рышьра далахәын ҳәа агәҩара зызрымоу Ерик Чкадуа даанкылоуп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи русзуҩцәа русеицура иалҵшәаны, уи даанкылан Воронов ихьӡ зху амҩаҿы игылоу аҩнеихагыла ауадақәа руак аҟны, абри атәы аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.

Агәҩара ззыҟоу даанкылан ахәаша, лаҵара 29 рзы, асааҭ 17:30 рзеиԥш.

Чкадуа иԥшаара рылаҳәан ԥхынҷкәын 9, 2019 шықәса рзы "Ҩыџьа ма инареиҳаны ауаа рышьра", "Ауаҩшьра аҽазышәара", "Абџьар, уи ахәҭа хадақәа, аџьаԥҳаны, иԥжәо амаҭәашьарқәа, арԥжәагақәа изакәанымкәа раахәара, рыҭара, рыҭира, рыҵәахра, рымҩангара ма рныҟәгара" ахәҭаҷқәа рзы ихацырку ашьаусҭҵааразы гәҩарас дрыманы.

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Даҽа ҩыџьа ахәрақәа роуит.

Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә Усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ имаҵура дамхуп

Ақьафурҭа "Сан-Ремо" ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы, ԥхынҷкәын 3 рзы лара лыԥсҭазаара далҵит.

Абри ашьаус азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарала ҭакрала иаанкылан Даҭо Ахалаиеи Демур Ахалаиеи ԥхынҷкәынмза 2019 шықәсазы, Беслан Блабба - ажьырныҳәамза 2020 шықәсазы.

Уаанӡа адырра ҟарҵахьан абри ашьаус ала дшаанкылаз агәҩара ззыҟаз Беслан Бганбагьы, уи данааныркылоз иҟаиҵаз бџьаршьҭыхлатәи аҿагылара иахҟьаны бџьармцалатәи ахәрақәа иоуит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0