Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ аурыс-аԥсуа усеицура далацәажәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПосол России в Абхазии Алексей Двинянин
Посол России в Абхазии Алексей Двинянин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 9 асааҭ 11:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысуеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин ипресс-конференциа.

Алексеи Двинианин еиҭеиҳәоит аурыс-аԥсуа усеицура иахьатәи аҭагылазаашьа, акоронавирустә инфекциа алаҵәара аҿагылараҟынгьы убрахь иналаҵаны; Урыстәыла Амш Аԥсны иазгәарҭараны ишыҟоу, иара убас Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан Аиааира амш 75 шықәса ахыҵра азгәаҭара уҳәа ртәы.

Апресс-конференциа иалахәхоит:

  • Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Аркади-иԥа Двинианин;
  • Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Витали-иԥа Чеха;
  • "Волонтиоры Победы" захьӡу Аԥсны иҟоу аиҿкаара аҳәаақәҵаҩ Ервин Игор-иԥа Михин.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит апресс–конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16, абизнес-центр "Гәдоу Плаза", 5-тәи аихагыла).

Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +7(940) 997-70-22, Рубен Миграниан.

Азыҳәа анашьҭразы аелектронтә ҭыӡҭыԥ: r.migranyan@sputniknews.com

Иара убасгьы шәара ишәылшоит апресс-конференциа алахәылацәа зинтерес шәымоу азҵаарақәа рышәҭарц Sputnik Аԥсны асоциалтә ҳа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы мамзаргьы аелектронтә ԥошьҭахь инашьҭны: r.migranyan@sputniknews.com.

Ажәабжьқәа зегьы
0