АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абомба аҵоуп ҳәа иҟаз аинформациа мцуп, абри атәы рҳәеит Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵураҟны.
"Уажәазы абжьааԥнеиԥш аус аауеит, аҭааҩцәа ҳадаҳкылоит", - рҳәеит апресс-маҵзураҟны.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абомба аҵоуп ҳәа ажәабжьҟалеит ахәаша, рашәара 5 рзы. Адырра шроуз еиԥш Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа, Ашәарҭадаратә маҵзура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра русзуҩцәа Ацҳаражәҳәарҭа иахьаҵанакуа аԥшаарақәа мҩаԥыргеит, ааигәа-сигәа игылаз амашьынақәа наскьаргеит, Ацҳаражәҳәарҭа ауаа ҩныргеит. Аидгылара амҩаҿы аус руан акинологцәа ҷыдала иазыҟаҵоу алақәа рыманы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә закәанеидкыла инақәыршәаны, "иҟарҵап ҳәа ргәы иҭоу аԥжәара, абылра, ауааԥсыра рҭахара ахҟьар зылшо егьырҭ ишәарҭоу, амазаратә ԥхасҭа ду ҟазҵо, ма ауаажәларразы ишәарҭахо ахҟьаԥҟьақәа зыхҟьо ахҭысқәа ҟалоит ҳәа заанаҵ ишымцу дырны адырра аҟаҵаразы ҩажәа инаркны хынҩажәа нызқь мааҭ рҟынӡа ахараԥса, ма шықәсык инаркны ҩышықәса рҟынӡа ариашаратә усурақәа рынагӡара, мамзаргьы хышықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара рықәырҵоит".
Абри аамҭазы Аҟәа иҟоу адипломатиатә хыбра адагьы Кишиниов иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭагьы амина ыҵоуп ҳәа идырым шьоукы адырра ҟарҵеит иахьа. Ахыбра аҵакыраҟны агәаҭарақәа мҩаԥган. Абри атәы аанацҳаит Sputnik Молдавиа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абомба аҵоуп ҳәа аҭел ианас ашьҭахь игәарҭоит