Акоронавирустә инфекциа даҽа курсантк ицәа иалоуп ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование россиян на наличие антител к COVID-19 в Москве
Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу агәаҭаразы атестқәа ирхыжьын 45-ҩык Аԥсны атәылауаа.

АҞӘА, рашәара 6 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа даҽа курсантк ицәа иалоуп ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп, иара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь днагахоит, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 ауааԥсыра рацәыхьчаразы Аԥсны аоперативтә штаб.

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла "Аиҭар" аҟнытә иоушьҭын зкарантинтә аамҭа нҵәаз акурсантцәа: ААР аганахьала ҩыџьа, жәаҩык АҶА акурсантцәа.

Зынӡа апандемиа ааҟалеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыхьхьеит 36-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 27-ҩык ргәы бзиахахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Раԥхьаӡа акәны Аԥсны акоронавирус мшаԥымзазы ирыхьит Гагра атәылауаа хҩык, лаҵарамзазы Урыстәылантәи ихынҳәыз аԥсуа курсантцәеи иара убас Москвантәии Шәачантәии ихынҳәыз ҳтәылауааки ирыдбалан COVID-19. 

Даҽа быжьҩык акоронавирус рыдбалан рашәара 3 рзы.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0