Бжьаниа: аицлабра "Аԥсны агәадура" анапхгаҩ ҿарацәа аанарԥшыроуп

© Foto / Будущее АбхазииПрезидент Абхазии провел встречу с Иналом Ардзинба
Президент Абхазии провел встречу с Иналом Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 10 рзы ихыркәшахоит аицлабра "Аԥсны агәадура" алахәхаразы онлаин-азыҳәақәа рынашьҭра аҿҳәара. Ҭагалан аицлабра иалахәу ирыҿцәажәоит, атестқәа ирыхрыжьуеит, иара убас гәыԥ-гәыԥлатәи ахәмаррақәа рҟны рхы аадырԥшыртә алшара рырҭоит.

АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит аԥыза ҿарацәа рконкурс "Аԥсны агәадура" хацзыркыз, Урыстәыла иҵабыргу аҳәынҭқарратә абжьагаҩ Инал Арӡынба ҳәа адырра ҟаҵоуп ахада исаит аҟны.

Иазгәаҭоуп, аиԥылараҿы ишышьҭыхыз аҿарацәа аҳәынҭқарратә напхгараҭара ралархәра аизырҳара иадҳәалаз азҵаарақәа. Аслан Бжьаниа иҳәеит аицлабра ацашьа дшацклаԥшло, адгылара шыҟаиҵало.

Амшын аԥшаҳәа - Sputnik Аҧсны
Асоциалтә платформа "Аԥсны агәадура" шьаҭаркхоит

"Аԥыза ҿарацәа реицлабра иаанарԥшыроуп абаҩхатәра злоу, зус хырҳагахо анапхгаҩцәа, ҳтәыла ԥхьаҟа изгаша, иахәара ҟазҵаша. Агәра ганы сыҟоуп, ҳҿарацәа рхы бзиаӡаны ишаадырԥшуа ари аконкурс аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аицлабрақәа рҟны", – иҳәеит атәыла ахада.  

Инал Арӡынба иакәзар, Аԥсны ахада иҭабуп ҳәа иаиҳәеит апроект дахьадгылаз азы, иагьациҵеит Аԥсны абаҩхатәра злоу аҿар шырацәоу, урҭ ацхыраара шрыҭатәу.

Аицлабра алҵшәақәа рыла иалкаахоит аиааирагаҩцәа хәҩык. Урҭ аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рҟны амаҵура ҳаракқәа иреиҩаӡо иҟалоит: аминистр ихаҭыԥуаҩ, аминистр иабжьагаҩ, аҟәшақәа реиҳабацәа уҳәа реиԥш иҟоу аҭыԥқәа.

Аконкурс "Аԥсны агәадура" мҩаԥысуеит Москватәи, Урыстәылазегьтәи Апатриарх Кирилл иҟны Аҿар русқәа рзы ахеилак ахантәаҩы Инал Арӡынба иаԥшьгарала. Аконкурс аиҿкааразы аусдҵа жәабран 19 рзы инапы аҵаиҩит усҟан Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба.

Аицлабра "Аԥсны агәадура" – абаҩхатәра злоу Аԥсны аҿар ралԥшаареи рыцхыраареи иазынархоуп. Уи аиҿкааҩцәа рыгәҭакы злаҟоу ала, ари аицлабра социалтә шьҭыхгак аҳасабала иҟалароуп, аҳәынҭқарразы зыквалификациа ҳараку акадрқәа реиҵааӡара иацхрааша.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0