Аԥсны Урыстәылаҟа аҵыҵындра аекспорт 18-нтә иацнаҵеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСбор урожая клубники в Краснодарском крае
Сбор урожая клубники в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс азы абри аамҭа инақәыршәаны Урыстәылаҟа инашьҭын 12 тонна инареиҳаны аҵыҵындра.

АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. 2020 шықәса ирҭагӡаны Аԥснынтәи Краснодартәи атәылаҿацә ахь инагоуп 213,7 тонна аҵыҵындра ҳәа аанацҳауеит Россельхознадзор Аладатәи арегионалбжьаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Батал Авидзба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҩӡба аҵыҵындрааӡарҭа аусуразы: Урыстәыла иргәаԥхеит, еиҭа иаҳҭахуп ҳәа иасуеит

Ииасыз ашықәс, 2019 шықәсазы абри аамҭа иалагӡаны инашьҭын 12,14 тонна аҵыҵындра.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла Краснодартәи атәылаҿацә ахь аҵыҵындра 1630 тонн нашьҭуп. Ари атауар аиҳарак иназышьҭуа Ҭырқәтәылоуп. Уахьынтә иаагоуп 1433 тонна, Аԥснынтәи 197 тонна, Ермантәылантә – 0,143 тонна.

Аалыҵ зегьы Россельхознадзор Аладатәи арегионбжьаратә напхгара аинспекторцәа игәарҭеит ФГБУ "ВНИИКР" Новороссиисктәи афилиал аҿы.

Афитосанитартә хылаԥшра ашьҭахь аалыҵ нашьҭуп: Москва, Москватәи аобласт, Омск, Томск.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0